Ӡыла аиқәаршәареи ацрыҵмҩангареи ирызку аусурақәа мҩаԥгоуп. Иааизакны уахәаԥшуазар, 160 километр аҟынӡа аӡымҩангагақәа шьҭаҵоуп.
Гагреи Гәдоуҭеи араионқәа рҿы арыцқьаратә еиқәыршәагақәа шьақәыргылоуп. Афон Ҿыц ақалақь аҿы ацрыҵмҩангара асистема хада шьақәыргылоуп, уи ирыцқьам ацрыӡқәа амшын ралалара аԥхырҟәҟәаара алнаршоит.
Гәдоуҭа араион ақыҭақәа Ҟәланырхәа, Абгархықә, Жәандәрыԥшь, Мгәыӡырхәа рҿы аӡы азы арезервуарқәеи аӡымҩангагақәеи шьақәыргылоуп.
Аиланхарҭақәа Агәыӡера, Гәылрыԥшь, Маҷара, Каштак рҿы аӡымҩангага рҿыцуп.
Очамчыра араион Мықә ақыҭан аӡрыжтә ӡеизакырҭақәа ҩбеи аӡыҵхырҭақәеи ҟарҵеит. Иара убас аӡыҵхырҭа парпантала икылырҵәеит ақыҭа Аныуаархәы аҿы.
Аҟәа, Ҭҟәарчал, Гагра хазы игоу араионқәа рҿы ӡыла аиқәаршәареи аӡымҩахгагареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа рыӡбара алыршахеит.
Ақалақьқәа рҿы инхо 40-нызықьҩык иреиҵамкуа, иара убас ақыҭақәа рҿы инхо 15-нызықьҩык иреиҵамкәа ицқьоу аӡрыжәтә роуа иҟалеит. Иарбоу ахықәкқәа ирықәхарџьхеит миллиардк мааҭ инареиҳаны.
Миллиардк мааҭ инареиҳаны иақәхарџьын 160 километр акабели афымцамҩангагеи раахәареи анаҩс уи афымцатә станциаеиҵақәа 3 шьаҭанкыла реиҭашьақәыргылареи 13 трансформатор раахәареи.
«Ҳара ҳфымцацәаҳәақәа рҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, атыкә аҿы инеины иҟоуп ҳәа уҳәар алшоит. Урҭ реиҭашьақәыргылареи рыҿиареи рзы идуу афинанстә лагалақәа рыда зынӡа лашарада ҳаанхаргьы алшоит. Убри азыҳәан ауп аенергетикатә система ари аҟара ирацәаны аԥара зақәхарџьхо. Иахьатәи амш азы иҳамоу аенергетикатә инфраструктура 80% рҟынӡа иқәсхьеит», - ҳәа иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Аҳәынҭқарра Ахада Аԥсны ауааԥсыра иахьатәи рыԥсҭазаара иахәҭакны иҟалаз афымцамч ала аиқәыршәара аганахьала аиԥҟьарақәа реиԥш иҟоу, лассы-лассы аенергетикатә нхамҩа аҭагылазаашьа хьанҭа ахҟьаԥҟьақәа ауадаҩрақәа маҷымкәа ирызцәырнагоит ҳәа иазгәеиҭеит.
«Ҳбиуџьеҭ алшарақәа рыла ари апроблема аӡбаразы алшара ыҟаӡам. Аенергосистема акризис алгара азы, аспециалистцәа 2017 шықәсазы иҟарҵаз аихшьаалақәа рыла иаҭаххоит 20 млрд. мааҭ, убри аан, Аԥсны аҳәынҭқарратә биуџьеҭ аҿы ахатәы ԥаратә хархәагақәа рыхәҭаа 6,5 млрд. мааҭ рҟынӡа ауп иахьынаӡо», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Ишьақәгылаз аенергетикатә кризис алҵшьас иҟоу Аҳәынҭқарра Ахада игәаанагарала иарбоу аусхкы аҿы мҽхакы ҭбаала ареформақәа рымҩаԥгареи жәабала амиллиардқәа ралагалареи ауп.
«Аха зегьы ирыцку еицамкрада иаанхароуп. Уи – аҳәынҭқарра аенергетикатә усхкы анапхгараҭара аҿы ихадоу ароль шынанагӡалац инаныгӡалароуп», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.