Возвращение имени

Items filtered by date: Аԥшьаша, 05 Рашәара 2025

Аҟәа. Рашәарамза 6, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Кавказнҭыҵтәи ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рраунд жәабранмза 25, 26 рзы имҩаԥысуеит, ҳәа Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо, аделегациа ахада Одиссеи Бигәаа.

«Женеватәи аиҿцәажәарақәа зегьы раасҭа ихадоу, ҳгәаанагара ааҳарԥшыр ахьҳалшо жәларбжьаратәи формат заҵәыкны иҟоуп. Уи ҳрегион аҿы ашәарҭадара аиқәыршәаразы ихымԥадатәиуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Рашәарамза 6, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Бырцыц рашәарамза 5 рзы усуратә визитла Урыстәылатәи Афедерациа даҭааит.  

Иахьа уи Урыстәылатәи Афедерациаҿы иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аҿы аусуратә еилатәара мҩаԥигеит. Урыстәылатәи Афедерациаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Рашәарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Инацҵаны акласс ҿыцқәа цәырҵраны иҟоуп А.К. Чычба ихьӡ зху Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аҿы. Абри атәы еилкаахеит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба аԥшьаша, рашәарамза 5 рзы иарбоу аҵараиурҭа иҭаара анымҩаԥысуаз аҽны.

Аиԥылараҿы аҵараиурҭа ашҭаҿы игылоу ажәытә хыбра ақәгареи уи аҭыԥан ҩ-еихагылакны иҟоу ахыбра ҿыц аргылареи рзы аӡбамҭа рыдыркылеит. Аҳәынҭқарра Ахада анапынҵақәа ҟаиҵеит аамҭа кьаҿ иалагӡаны аргылара аплан еиқәыршәаны адгалара мҩаԥыргарц азы.

«Иахьа сара саҭааит асахьаҭыхратә ҵараиурҭа, ахыбра арҭбааразы иҟоу алшарақәа гәасҭеит. Агәра ганы сыҟоуп ас еиԥш адгылара астудентцәа еиҳа зыҩаӡара ҳараку разыҟаҵаразы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа шаԥнаҵо», - ҳәа иҳәеит иара.

Уи иажәақәа рыла, еиқәыршәахоит зҵакыра 100 ԥшьыркцатә метр иреиҳау аҿаԥшьы апроект. Уаҟа иҟалоит акласс ҿыцқәеи астудиақәеи.  

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Сухум. 5 июня 2025. Апсныпресс. Дополнительные классы появятся в Сухумском художественном училище им. А. К. Чачба. Об этом стало известно во время посещения президентом Бадрой Гунба учебного заведения в четверг, 5 июня. 

Икьыԥхьуп Новости

Аҟәа. Рашәарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада аусурамш аҩныҵҟала идикылеит ҩажәижәаҩык инарзынаԥшуа ауаа.

Аҳәынҭқарра Ахада ишҟа идҵаалоз ауаа зыргәамҵуаз азҵаарақәа иреиуоуп ахәышәтәра, аусурҭа аиура, имаҷуи ибжьаратәуи анаплакра уҳәа реиԥш иҟоу.   

Аҳәынҭқарра Ахада ишҟа инеиз атәылауаа рызҵаарақәак аҭыԥаҟны иӡбан. Гәынба Бадра аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа изыхәҭоу анапынҵақәа риҭеит.  

Ахатәы интересқәа рыдагьы ирылацәажәан ауаажәларратә ҵакы змоу азҵаарақәагьы.

Ашьапылампыл асразы ахымхәацәа-ампутантцәа рфедерациа анапхгара Ахада иҟны аҳәара ҟарҵеит аиҿкааразы атранспорт азҵаара аӡбаразы.  Гәынба Бадра Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа маҷҩымкәа излоу Афедерациа ақәиргәыӷит адгылара шриҭо азы.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Рашәарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. 2025 шықәса, рашәара 5 азы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациа даҭааит. Аҳаирбаӷәазаҿы аминистр иԥылеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Рашәарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Атәыла аԥызы-министр Владимир Делба аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиути аминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуеи идикылеит.  

Аиԥылара аҿы Ԥсоуи Аҟәеи еимаздо амҩаду хада аҿы амҩатә ԥҟарақәа реилагалара аазырԥшуа иҿыцу авидеокамерақәа рышьақәыргылара ашьҭахь амҩатә ԥҟарақәа реилагара астатистика иалацәажәеит.

Роберт Кьиут, амашьынарныҟәцаҩцәа ааизакны еиҳа рдисциплина еиӷьхеит, акамерақәа ахьыҟоу аҭыԥқәа рҿы амашьынақәа уи аҟара идмырццакуа иалагеит ҳәа иазгәеиҭеит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Рашәарамза  5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы ашколнӡатәи аусбарҭа «Солнышко» аҳҭнықалақь Ахадара ахарџь ала еиҭашьақәдыргылоит.

Ас еиԥш аӡбамҭа идикылеит аҳҭнықалақь ахада Ҭемыр Агрба. Академик Марр имҩа аҩны №50 ала игылоу ахәыҷбаҳча «Солнышко» 2012 шықәсанӡа аус ауан, анаҩс уи шьаҭанкыла аиҭашьақәыргыларазы иаркын, аусзуҩцәа ахәыҷбаҳча «Амра» ахь ииаган, аха ԥыҭрак ашьҭахь аусурақәа аанкылеит, иахьа уи гәыгәҭажьны иҟоуп. Асовет аамҭазы ари аусбарҭа згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа рзы лагерк аҳасабала аус ауан, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳҭнықалақь Ахадара официалтә саит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Рашәарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа рашәарамза 4 рзы ахылаԥшырҭа иаҵанакуа аусбарҭақәа рҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, «Г. Ш. Смыр ихьӡ зху Афонҿыцтәи аҳаԥы Акомплекс» даҭааит», - ҳәа адырра ҟанаҵоит атуризм Аминистрра апресс-маҵзура.

Аҭаараан аминистр аобиект изаамҭанытәиу аҭагылазаашьа, атуристтә дәыӷба, аҩналарҭа азал, иара убас административтә корпус ахыбрақәа рҭагылазаашьа гәеиҭеит.  Аҳаԥы анапхгараҭара аминистр аҩналарҭа азал аиҭашьақәыргылареи аԥшырҭа азонақәа рҭеиҭыԥш арҽеиреи рзы  апроект идыргалеит.

Иара убас, хара имгакәа аҳаԥахьы уназго аихамҩақәа шьаҭанкыла рырҿыцреи реиҭашьақәыргылареи, иара убас атуристтә автотранспорт азы иназыцҵоу амашьынақәа рыргыларҭақәа рыҟаҵареи азԥхьагәаҭоуп.

Уажәы ахыбра административтә хәҭа аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит, араҟа аекскурсиамҩаԥгаҩцәа руадақәеи аперсонал рыԥсы ахьыршьо ауадеи ыҟоуп.

Аусурақәа зегьы анаплакы ахатә харџь ала имҩаԥысуеит. Убри аан анапхгараҭара инаҵшьны иазгәанаҭеит Аҳаԥы инеиԥынкыланы егьырҭ анаплакқәа афинанстә цхыраара шырнаҭо.

Аха, мҽхакы ҭбаала аусура шымҩаԥысуагьы, уеизгьы апроблемақәа маҷымкәа иаанхоит, иаагозар, адәахьтәи афымцамҩангагақәа рҭагылазаашьа еиӷьзар ҟалон. Аобиект лашарала еиқәзыршәо астанцеиҵа Хада зыԥшра ҟамҵакәа аиҭашьақәыргылара аҭахны иҟоуп. Мызкахьы бжьаратәла 45 Кв/сааҭ рҟынӡа инаӡо афымцамч ахархәара аан астанцеиҵа аҿы ишьақәгылар зылшо авариатә ҭагылазаашьа аҳаԥы аусура зынӡа иааннакылар ауеит, адизельтә генераторқәа хԥа шыҟоугьы.    

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Сухум. 5 июня 2025. Апсныпресс. Министр туризма Астамур Логуа 4 июня  посетил "Комплекс Новоафонской пещеры имени Г. Ш. Смыр", сообщает пресс-служба Минтуризма.

Икьыԥхьуп Новости
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.