Items filtered by date: Аҩаша, 25 Жәабран 2025

Сухум. 25 февраля 2025. Апсныпресс. 25 февраля в Сухуме прошел образовательный курс медиашколы АНО «Евразия». В рамках проекта журналисты, студенты и блогеры Абхазии прослушали лекции на тему современных тенденций в журналистике и цифровых медиа, а также стали участниками мастер-классов ведущих специалистов из России.

Икьыԥхьуп Новости

Аҟәа. Жәабранмза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Амимоза аекспорт иадҳәаланы ицәырҵаз апроблема иазкыз Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганбеи атәыла ақыҭанхзамҩа аминистр инапынҵақәа назыгӡо Беслан Џьопуеи русуратә еилатәара мҩаԥысит.

Абар шьҭа хымшуп Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы амимозеи ауҭраҭыхқәеи рыиагара иадҳәаланы апроблема цәырҵиижьҭеи.

Валери Бганба ақыҭанхамҩа аминистр уажәазы аҭагылаазашьа зеиԥшроу, насгьы уи арҽеиразы Аԥсны уи иазку аусбарҭақәа рыла уснагӡатәқәас имҩаԥго рзы диазҵааит.

Беслан Џьопуа ақыҭанхамҩа Аминистрра аҿы ари азҵаара аӡбара ҩнапыкала аус адырулоит ҳәа адырра ҟаиҵеит.

«Ари апроблема аиҳарак амимоза експортла адәықәҵара ауп изыдҳәалоу.  Ари хәажәкырамза 8, аҳәса Рымш аламҭалазы аҳәаа иахыганы ирго ихадоу атауар ауп.  Хымш раԥхьа урыстәылатәи акарантинтә маҵзура аҟынтәи амимоза апартиақәа руак аҿы калифорниатәи ашәҭтә трипс шыԥшааз азы адырра ҟалеит.  Ҳара ҳкарантинтә инспекциа ахатә лабораториа амоуп, араҟа иааиԥмырҟьаӡакәа атәыла иалганы идәықәҵахо ақыҭанхамҩа аалыҵ агәаҭара иахысуеит. Уеизгьы, ас еиԥш аинформациа аиура ашьҭахь, аҳәаа аҿы иҟоу атауар ахкқәа зегьы, уимоу Аԥсны иахьаҵанакуа иҟоу ахкқәагьы ргәаҭара мҩаԥган. Ҳара иҳамоу адыррақәа рыла, атрипс аарԥшӡамызт», – ҳәа иҳәеит Беслан Џьопуа.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Жәабранмза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Агәабзиарахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Едуард Быҭәба Аҟәа арион аҿы адиспансеризациа шымҩаԥысуа гәеиҭеит.  Агәабзиарахьчара аминистр даҭааит Ешыратәи абжьаратә школ, араҟа аус руеит Воронеж аҟынтәи иааз аҳақьымцәа. Ари Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи иааны Ареспублика Аԥсны ашколхәыҷқәа рдиспансеризациа мҩаԥызго аҳақьымцәа аԥшьбатәи агәыԥ ауп.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Жәабранмза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Валери Бганба амчратә структурақәа рнапхгаҩцәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.  

Аилатәра иалахәыз Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа аҩбатәи атур амҩаԥгара иадҳәалоу азҵаарақәа жәпкы ирылацәажәеит.

Валери Бганба алхрақәа актәи атур аҿы аҩбжьыҭираан еиԥшҵәҟьа иҭышәынтәаланы имҩаԥыслоуп Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Алхратә комиссиа Хада ахьчара арӷәӷәара азы адҵа ҟаиҵеит.

Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут Алхратә комиссиа Хадеи алхратә ҭыԥхадақәеи алхратә ҭыԥқәеи рҿы ахьчара рӷәӷәахоит ҳәа адырра ҟаиҵеит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Жәабранмза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Жәабранмза 27 рзы  И.  Кортуа ихьӡ зху жәлар рҟазара Ареспубликатә центр имҩаԥнагоит аԥсуа жәлар ринструментқәа роркестр XIV Ареспубликатә фестиваль «Апхьарца». Афестиваль мҩаԥгахоит Р. Гәымба ихьӡ зху афилармониа аҿы.  

Апроект автори аиҿкааҩи -  И.  Кортуа ихьӡ зху жәлар рҟазара Ареспубликатә центр адиректор, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ Нури  Кәарҷиа.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.