Items filtered by date: Ахаша, 09 Абҵара 2022

Аҟәа. Абҵарамза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа имҩаԥысит Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа рԥылара.

2022 шықәса абҵара 9 азы Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭынчреи рҭышәныртәаларазы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа Тоиво Клаари Џьихан Султаноглуи идикылеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба.

Аиԥылара иалахәын Ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ

Заал Хәарцкьиа, аминистрра аусзуҩцәа Лаша Аҩӡба, Артур Гагәылиа, Мадина Шамԥҳа.

Аиԥылара атема хаданы иҟан Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭынчреи рҭышәныртәаларазы Женеватәи аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу 57 – тәи рраунд.

Аиԥылара аартуа Иракли Ҭыжәба иазгәеиҭеит иахьазы аԥсуа ган еиҳа иактуалны иаԥхьаӡоу амч ахамырхәаразы аицҳәамҭа аҟаҵара азҵаара шакәу. Иҳәеит абри азҵаараҿы адинамика аҟазааразы еицманшәалоу азнеишьақәа шыԥшаатәу.

Иракли Ҭыжәба ацхантәаҩцәа иргәалаиршәеит Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭынчреи рҭышәныртәаларазы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҟны ишаԥҵаз аиқәшаҳаҭра атекст аус адуларазы акомиссиа ҷыда.

«Иахьазы ари акыршықәса аус зыдулаз адокумент гәыгәҭажьуп» ҳәа азгәеиҭеит Иракли Ҭыжәба.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Абҵарамза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламент аҟны афымцамчтә усхк азҵаарақәа ирылацәажәоитАбҵарамза 9 рзы Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент имҩаԥысит Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиқәеи рзы аилак ахантәаҩы Резо Занҭариа имҩаԥигаз инарҭбаау аилатәара.

Афымцамч усхк аҟны иахьа ишьақәгылаз аҭагылазаашьа уадаҩ инамаданы адепутатцәа раԥшьгарала Апарламент ахь иааԥхьан «Амшынеиқәафымцамч» адиректор хада ин.н. Зураб Багаԥшьи иҿкаара егьырҭ ахаҭарнакцәеи.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Абҵарамза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аихамҩатә станциақәа «Аӡҩабжьа», «Дранда» аҿы иназыцҵоу амҩақәа реиҭашьақәыргылара мҩаԥысуеит.

«Аԥснытәи аихамҩа» аихамҩа аусзуҩцәа ахархәара змам астанциатә мҩақәа ықәыргоит, анаҩс Аԥсны аихамҩа аужьҭратә лшара аизырҳаразы ахархәара зауа амҩақәа еиҭашьақәдыргылоит.

«Уааанӡа астанциақәа зегьы рҿы ахархәара аиуон 6-8 инареиҳаны амҩақәа. Иахьатәи амш азы станциак аҿы ахархәара змоу мҩак еиҳаӡам.  Аихамҩала аидарамҩангара ахьацлаз инамаданы аужьҭратә лшарақәа рацҵара хымԥадатәны иҟалеит», - ҳәа иазгәеиҭеит Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥснытәи Аихамҩа» анџьныр хада Леонид Ҟәыруа.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Абҵарамза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Москва иҟоу ирантәи Ацҳаражәҳәарҭа даҭааит.

Аԥсны адәныҟаполитикатә усбарҭа аиҳабы Инал Арӡынба Урыстәыла иҟоу Аԥсылман республика Иран ацҳаражәҳәарҭа даҭааит.

Адәныҟаполитикатә усбарҭа аиҳабы Инал Арӡынба 2022 шықәса жьҭаара 26 рзы Шираз ақалақь Шах-Черах амовзалеи аҟны атерракт иахҟьаны аҭычуааԥсыра рҭахаразы Урыстәыла иҟоу Аԥсылман республика Иран азинмч змоу ацҳаражәҳәаҩ Казем Џьалали дидышшылеит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Абҵарамза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Москва, Урыстәыла ҿыц змаҵура иахагылаз Шьамтәылатәи Арабтә республика ацҳаражәҳәаҩ Башар Џьаафари диԥылеит. Аиԥылара мҩаԥысит Москва иҟоу Шьамтәылатәи Арабтә республика Ацҳаражәҳәарҭаҿы.

Инал Арӡынба Башар Џьаафари идиныҳәалеит ари аус ҿыц иахагылара.

Аганқәа алацәажәеит аԥсны-шьамтәылатәи аҳәынҭқаррабжьаратә еинырраз хра злоу азҵаарақәа, аполитикатә, аекономикатә, агуманитартә усхкқәа рҟны аҭагылазаашьақәа рызҵаарақәа.

Уи адагьы Инал Арӡынбеи Башар Џьаафари иара убасгьы иалацәажәеит Аԥсни, Урыстәылеи, Шьамтәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рыҩаӡарала имҩаԥгахо абжьгарақәа рмеханизм аиҿкаара.

Хазы иазгәаҭан Аԥсылмантә республика Иран адиалог ацымҩаԥгара, аглобалтә шәарҭадара аиҿкаара асистемаҿы ари атәыла ароль.

 

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Абҵарамза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 9 рзы Симферополь ақалақь аҿы иалагеит IV Аԥсны Аҳәынҭқарреи Ареспублика Ҟрыми рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә, агуманитартә, анаука-техникатә усеицура азы аҩганктәи Анапхгарабжьаратәи Акомиссиа аилатәара. Уи рхы аладырхәуеит Анапхгарабжьаратәи Акомиссиа иалахәу аԥснытәии ҟрымтәии аганқәа рылахәылацәа, иара убас аҩ-ҳәынҭқаррак рҟынтәи ааԥхьара зауз аминистррақәеи ахылаԥшырҭақәеи рхаҭарнакцәа.

Аилатәара аартуа, акомиссиа ацхантәаҩцәа ралагалажәа ҟаҵо раԥхьа дықәгылеит Анапхгарабжьаратәи Акомиссиа ҟрымтәи аган ахантәаҩы, Ареспублика Ҟрым аминистрцәа Рхеилак Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ – Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҟны иҟоу есымша аус зуа Ареспублика Ҟрым Ахаҭарнак Георги Мурадов. Анаҩс аилатәара иалахәыз бзиала шәабеит ҳәа раҳәо дықәгылеит аилатәара амшхәаԥштәгьы даԥхьеит Акомиссиа аԥсуа ган ахантәаҩы, Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Сухум. 9 ноября 2022. Апсныпресс.  Гудаутская «Рица» стала обладателем  Кубка Абхазии по футболу.

Икьыԥхьуп Новости

Сухум. 9 ноября 2022. Апсныпресс.   В Парламенте 8 ноября состоялось рабочее заседание комитета по экономической политике, реформам и информационным технологиям. Вел заседание председатель комитета  Резо Зантария.

Икьыԥхьуп Новости

Аҟәа. Абҵарамза 9,  2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиқәеи рзы аилак ахантәаҩы Резо Занҭариа ихантәаҩрала имҩаԥысит изаамҭанытәиу аусуратә еилатәара.

Аилатәара алахәцәа ирыдыркылеит абарҭ азакәан аппроектқәа:

 

– Аԥсны Аҳәынҭқарра Ақалақьргыларатәи аргыларатәи Закәанеидкыла;

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.