АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Абҵара.2022

ҞРЫМ ИАЛАГЕИТ АԤСНЫ-ҞРЫМТӘИ АНАПХГАРАБЖЬАРАТӘИ АКОМИССИА АИЛАТӘАРА.

Аҟәа. Абҵарамза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 9 рзы Симферополь ақалақь аҿы иалагеит IV Аԥсны Аҳәынҭқарреи Ареспублика Ҟрыми рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә, агуманитартә, анаука-техникатә усеицура азы аҩганктәи Анапхгарабжьаратәи Акомиссиа аилатәара. Уи рхы аладырхәуеит Анапхгарабжьаратәи Акомиссиа иалахәу аԥснытәии ҟрымтәии аганқәа рылахәылацәа, иара убас аҩ-ҳәынҭқаррак рҟынтәи ааԥхьара зауз аминистррақәеи ахылаԥшырҭақәеи рхаҭарнакцәа.

Аилатәара аартуа, акомиссиа ацхантәаҩцәа ралагалажәа ҟаҵо раԥхьа дықәгылеит Анапхгарабжьаратәи Акомиссиа ҟрымтәи аган ахантәаҩы, Ареспублика Ҟрым аминистрцәа Рхеилак Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ – Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҟны иҟоу есымша аус зуа Ареспублика Ҟрым Ахаҭарнак Георги Мурадов. Анаҩс аилатәара иалахәыз бзиала шәабеит ҳәа раҳәо дықәгылеит аилатәара амшхәаԥштәгьы даԥхьеит Акомиссиа аԥсуа ган ахантәаҩы, Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа.

Акомиссиа аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны еиуеиԥшым ахырхарҭақәеи аусхкқәеи рыла апрограмма аус ауеит. Апрограмма ҩы-шықәса ирҭагӡахоит, уи иалоуп 40 усмҩаԥгатә инареиҳаны.

Аиԥылара ахыркәшамҭаз аганқәа Анапхгарабжьаратәи Акомиссиа аԥшьбатәи аилатәара аԥкаанҵа рнапы аҵарыҩуеит.

 

 


Read 281 times - Аԥшьаша, 10 Абҵара 2022 20:58
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.