АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Абҵара.2022

АИХАМҨАТӘ СТАНЦИАҚӘА “АӠҨАБЖЬА”, “ДРАНДА” АҾЫ ИНАЗЫЦҴОУ АМҨАҚӘА РЕИҬАШЬАҚӘЫРГЫЛАРА МҨАԤЫСУЕИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аихамҩатә станциақәа «Аӡҩабжьа», «Дранда» аҿы иназыцҵоу амҩақәа реиҭашьақәыргылара мҩаԥысуеит.

«Аԥснытәи аихамҩа» аихамҩа аусзуҩцәа ахархәара змам астанциатә мҩақәа ықәыргоит, анаҩс Аԥсны аихамҩа аужьҭратә лшара аизырҳаразы ахархәара зауа амҩақәа еиҭашьақәдыргылоит.

«Уааанӡа астанциақәа зегьы рҿы ахархәара аиуон 6-8 инареиҳаны амҩақәа. Иахьатәи амш азы станциак аҿы ахархәара змоу мҩак еиҳаӡам.  Аихамҩала аидарамҩангара ахьацлаз инамаданы аужьҭратә лшарақәа рацҵара хымԥадатәны иҟалеит», - ҳәа иазгәеиҭеит Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥснытәи Аихамҩа» анџьныр хада Леонид Ҟәыруа.

Арҭ астанциақәа рҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит.  

«Драндатәи аихамҩатә станциа аҿы хы-мҩак еиҭашьақәҳаргыларц ҳгәы иҭоуп, Аӡҩабжьа - ҩба. Ахархәара змам амҩақәа ықәаҳгоит, анаҩс уи злашьақәгылоу амаҭәахә еиҭашьақәыргыланы ҩаԥхьа амҩа ҿыцқәа рҿы ишьҭаҳҵоит»,- ҳәа адырра ҟаиҵеит Леонид Ҟәыруа.

Аусурақәа зеидарашьҭыхратә лшара 60 - 80 тонн рҟынӡа инаӡо аидарашьҭыхга машьына ахархәарала имҩԥысуеит, урҭ рынагӡара иалахуп аихамҩатә усуратә бригадақәа.  

 

 


Read 257 times - Аԥшьаша, 10 Абҵара 2022 20:17
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.