Иара иҳәеит ақырҭуа делегациа адиструктивтә позициа акыр шықәса ари азҵаара шьшьылаҳауа иаанагоит ҳәа.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба иазгәеиҭеит аԥснытәи аган ҷыдала Аԥсны атәылауаа рхы иақәиҭны рныҟәара алзыршаша апроцессқәа ишрышьклаԥшуа. Хаҭала ирзааҭгылан аԥснытәи амилаҭтә тәылауаҩшәҟәқәа адунеи аҟны аныҟәараан ахрархәара азҵаарақәа.
«Актуалра аҵоуп аԥсуа милаҭтә тәылауаҩшәҟәқәа адунеи зегь аҩныҵҟа аныҟәаразы разхаҵара. Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара иалам атәылақәа жәпакы ртәылауаҩшәҟәқәа азхаҵоуп, урҭ ртәылауаа рхы иақәиҭны иахьырҭаху инеиларц, иааиларц» ҳәа иҳәеит Иракли Ҭыжәба.
Уи ари аҩыза апрактика аԥсуа тәылауаҩшәҟәқәагьы аҵанакыр ауп ҳәа инақәырӷәӷәаны иазгәеиҭеит.
Аминистр ихаҭыԥуаҩ иазгәеиҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарра аганахь ала адискриминациа ахархәара шамоу, уи Аԥсны атәылауаа рзинқәа шыԥнакуа.
«Ари акрызҵазкуа гуманитартә проблемоуп, иагьыӡбатәуп», - ҳәа иҳәеит иара.
Ашәарҭадара азҵаарақәа ирылацәажәо аԥснытәи аган иазгәарҭеит Женеватәи аиҿцәажәарақәа ирхықәкы хаданы иҟоу Аԥсни Қырҭтәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ԥхьаҟазы еиҳагьы актуалра шамоу, аиҳаракгьы қырҭтәыла арратә ҽырхиара аҭыԥ анамоу аамҭазы.
Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҟны ацхантәаҩцәа иазгәарҭеит ари аформат аусура ишацҵатәу, аусдҵақәа хра рыманы рыӡбразы ишахәҭоу аиҿцәажәара алахәылацәа зегьы русеицура.
Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит Женеватәи аиҿцәажәарақәа ирыхәҭаку Гал ақалақь аҿы аидысларақәа разԥхьагәаҭареи раԥырҟәҟәаареи рзы ақырҭуа-аԥсуа механизм (МПРИ) аформат аусура алагара алацәажәара.
Иара убасгьы ирылацәажәан арегионалтә шәарҭадара, хақәиҭрала аныҟәара иадҳәало адокументациа азҵаарақәа, иара убасгьы иҟалараны иҟоу араунд егьырҭ амшхәаԥштә азҵаарақәагьы.
Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭынчреи рҭышәныртәаларазы Женеватәи аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит. 2008 шықәса жьҭаарамза инаркны
Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭынчреи рҭышәныртәаларазы Женеватәи аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу 57-тәи рраунд азыԥхьагәаҭоуп 2023 шықәса жәабранмзазы.