АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Абҵара.2022

ИНАЛ АРӠЫНБА УРЫСТӘЫЛА ИҞОУ ШЬАМТӘЫЛА АЦҲАРАЖӘҲӘАҨ ҾЫЦ ДИԤЫЛЕИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Москва, Урыстәыла ҿыц змаҵура иахагылаз Шьамтәылатәи Арабтә республика ацҳаражәҳәаҩ Башар Џьаафари диԥылеит. Аиԥылара мҩаԥысит Москва иҟоу Шьамтәылатәи Арабтә республика Ацҳаражәҳәарҭаҿы.

Инал Арӡынба Башар Џьаафари идиныҳәалеит ари аус ҿыц иахагылара.

Аганқәа алацәажәеит аԥсны-шьамтәылатәи аҳәынҭқаррабжьаратә еинырраз хра злоу азҵаарақәа, аполитикатә, аекономикатә, агуманитартә усхкқәа рҟны аҭагылазаашьақәа рызҵаарақәа.

Уи адагьы Инал Арӡынбеи Башар Џьаафари иара убасгьы иалацәажәеит Аԥсни, Урыстәылеи, Шьамтәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рыҩаӡарала имҩаԥгахо абжьгарақәа рмеханизм аиҿкаара.

Хазы иазгәаҭан Аԥсылмантә республика Иран адиалог ацымҩаԥгара, аглобалтә шәарҭадара аиҿкаара асистемаҿы ари атәыла ароль.

 


Read 341 times - Аԥшьаша, 10 Абҵара 2022 20:31
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.