Аҟәа. Абҵарамза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Аҟәа ақалақь аҿы афорум «Хра злоу аусқәа раамҭа» аартра ацеремониа ихы алаирхәит.
Абҵарамза 28 инаркны ԥхынҷкәынмза 2, 2022 рҟынӡа, Аҟәа ақалақь, Акциа «Абзиара амиссиа» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥыслоит агәыҳалалратә форум «Хра злоу аусқәа раамҭа».
Аусмҩаԥгатә аиҿкаареи амҩаԥгареи ахахьы иагоит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра. Уи ахәыҷтәы дабла чымазареи аҵыргәара-ныҟаратә аппарат аганахьала ауадаҩрақәа рышьақәыргылареи рыпрофилактикеи рҿы инагоу аспециалистцәа амастер-классқәа, азҵаарақәа, иарбоу ачымазарақәа змоу ахәыҷқәа рыхәаԥшра амҩаԥгаразы Аԥсныҟа раагара еиҿнакаауеит.
Афорум мҩаԥысуеит агәабзиарахьчареи аҵареи Рминистррақәа рыцхыраарала.
Афорум алахәылацәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба иҳәеит: «Ауааԥсыра ргәабзиара ахьчара, атәыла аҩныҵҟа адемографиатә ҭагылазаашьа аиӷьтәра, амедицинатә цхыраара аҩаӡара ашьҭыхра, уҳәа иахьа аԥсуа ҳәынҭқарра аҿы ахшыҩзышьҭра ду арҭоит», - ҳәа иазгәеиҭеит.
Иахьа аԥснытәи амедицина аҿы иҷыдоу аҭыԥ ааныркылоит зыҿиара аҷыдарақәа ацу ахәыҷқәа.