АЖӘАБЖЬҚӘА

28.Абҵара.2022

ЕДУАРД БЫҬӘБА АРЕСПУБЛИКАТӘ ХӘЫҶТӘЫ ХӘЫШӘТӘЫРҬА АЛАБОРАТОРИА АҾЫ ИМҨАԤЫСУА АИҬАШЬАҚӘЫРГЫЛАРАТӘ УСУРАҚӘА РЦАШЬА ГӘЕИҬЕИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа алабораториа аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рцашьа гәеиҭеит.

Алабораториа аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара апроект аҳәынҭқарратә Аилак «Аԥсныргылара» аспециалистцәа алархәны  еиқәыршәан.   Алабораториа ҿыц аргылара аҭахны иҟалеит агәабзиарахьчара Аминистрра иҿыцу аиқәыршәагақәа ахьаанахәаз инамаданы.

Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагеит иажәыз адашьмақәа, аԥенџьырқәа, ацрыӡмҩангагақәа рықәгарала. Аргылаҩцәа адашьма, аҭӡытә хаҳәцәы, акомуникациақәа иҿыцны иҟарҵоит.

Ахыбра аҩныҵҟа аиқәыршәагатә усурақәа мҩаԥгахоит, афымцамҩангагатә цәаҳәақәа ԥсаххоит, уҳәа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥгахоит.

Иара убас, аҳауаҭышәныртәлареи аҳауеиҭныԥсахлареи рсистема ашьақәыргылара иадҳәалоу аусурақәагьы мҩаԥгахоит.

«Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа алабораториа аҿы аиқәыршәагақәа рыԥсахра азҵаара ықәгылоуижьҭеи акрааҵуеит. Иахәҭоу аиқәыршәагақәа мызқәк раԥхьа иаахәан, аха аԥхынтәи аамҭахәҭа ахьыҟаз, насгьы аротовирустә инфекциа рыманы ирацәаны ахәыҷқәа ахәышәтәырҭахь иахьааргоз инамаданы алабораториа акыр ақәыӷәӷәара ду аман. Убри аҟнытә ҳара аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ралагара аҽҳәара ахгара азы аӡбамҭа ҳадаҳкылеит. Иахьатәи амш азы ҳара афинанстәазы ақәшаҳаҭра ҳаухьеит, ауадақәа зегьы рҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагахьеит», – ҳәа иазгәеиҭеит атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.

 

 


Read 375 times - Ашәахьа, 28 Абҵара 2022 19:48
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.