АЖӘАБЖЬҚӘА

28.Абҵара.2022

ЕДУАРД БЫҬӘБА: «АУАА РГӘАБЗИАРА АХЬЧАРА, АДЕМОГРАФИАТӘ ҬАГЫЛАЗААШЬА АИӶЬТӘРА, АМЕДИЦИНАТӘ ЦХЫРААРА АҨАӠАРА АШЬҬЫХРА, УҲӘА ИАДҲӘАЛОУ АЗҴААРАҚӘА АҲӘЫНҬҚАРРА АХШЫҨЗЫШЬҬРА ДУ АНАҬОИТ».

Аҟәа. Абҵарамза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Аҟәа ақалақь аҿы афорум «Хра злоу аусқәа раамҭа» аартра ацеремониа ихы алаирхәит.

Абҵарамза 28 инаркны ԥхынҷкәынмза 2, 2022 рҟынӡа, Аҟәа ақалақь, Акциа «Абзиара амиссиа» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥыслоит агәыҳалалратә форум «Хра злоу аусқәа раамҭа».

Аусмҩаԥгатә аиҿкаареи амҩаԥгареи ахахьы иагоит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра. Уи ахәыҷтәы дабла чымазареи аҵыргәара-ныҟаратә аппарат аганахьала ауадаҩрақәа рышьақәыргылареи рыпрофилактикеи рҿы инагоу аспециалистцәа амастер-классқәа, азҵаарақәа, иарбоу ачымазарақәа змоу ахәыҷқәа рыхәаԥшра амҩаԥгаразы Аԥсныҟа раагара еиҿнакаауеит.

Афорум мҩаԥысуеит агәабзиарахьчареи аҵареи Рминистррақәа рыцхыраарала.

Афорум алахәылацәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба иҳәеит: «Ауааԥсыра ргәабзиара ахьчара, атәыла аҩныҵҟа адемографиатә ҭагылазаашьа аиӷьтәра, амедицинатә цхыраара аҩаӡара ашьҭыхра, уҳәа иахьа аԥсуа ҳәынҭқарра аҿы ахшыҩзышьҭра ду арҭоит», - ҳәа иазгәеиҭеит.

Иахьа аԥснытәи амедицина аҿы иҷыдоу аҭыԥ ааныркылоит зыҿиара аҷыдарақәа ацу ахәыҷқәа.

Иахьа Ахәыҷтәы реабилитациатә Центр аҿы ареабилитациа роуеит 140-ҩык инареиҳаны ахәыҷқәа, урҭ аамҭа-аамҭала араҟа астационартә хәышәтәра иахысуеит. Иара Ацентр акәзар, иахәҭоу атехникатә маругақәа рыла еиқәыршәоуп, уи урыстәылатәи амедицинатә усбарҭақәа ирыҵахо иҟам.

Даара акыр аҵанакуеит ари атема аплошьадкақәа рҿы хыԥхьаӡара рацәала алахәылацәа – аҵарауаа, аекспертцәа, Аԥсни Урыстәылеи рҟынтәи аҳақьымцәа еидызкылаз афорум амшхәаԥштә азҵаара хаданы иахьҟоу.

Едуард Быҭәба афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысраны иҟоу амастер-классқәа рҵакы ахадара инаҵшьны иазгәеиҭеит.

«Урҭ актуалра злоу апрофессионалтә проблемақәа рылацәажәареи аԥышәеи иԥхьагылоу апрактикақәеи рыла аимадара алшара аԥырҵоит.  

Агәра ганы сыҟоуп, амастер-классқәа аконструктивтә ҟазшьа аманы ишымҩаԥысуа, уаҟа иҟало рабжьгарақәагьы аԥсҭазаараҿы ахархәара шроуа.  Агәабзиарахьчара Аминистрра инашәыгӡо агәыҳалалратә миссиа аринахысгьы адгылара аҭара иазхиоуп», - ҳәа иҳәеит Едуард Быҭәба.  

Агәабзиарахьчра аминистр афорум ақәҿиарақәа зцу аусура азеиӷьаишьеит. Министр здравоохранения пожелал форуму успешной работы.      


Read 337 times - Ашәахьа, 28 Абҵара 2022 18:37
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.