Items filtered by date: Аԥшьаша, 05 Рашәара 2025
Лаҵарамза 1 азы ахныҟәгаратә минимум 16 нызқь 515 мааҭ рҟынӡа инаӡон.
Аҟәа. Рашәарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 1, 2025 шықәсазы Аԥсны аусура зылшо аӡәы ихныҟәгаразы ахарџьқәа 16 515,6 мааҭ рҟынӡа инаӡеит, – ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны астандарт азы Аҳәынҭқарратә Еилакы.
Ахныҟәгаратә минимум ахь иаҵанакуеит:
– афатә-ажәтә атауарқәа – 8 257,8 мааҭ;
– абзазара-ааглыхратә уҳәа егьырҭ атауарқәа – 4128,9 мааҭ, зыхә ршәо амаҵзурақәа, ашәахтәқәа, егьырҭ ихымԥадатәиу ашәатәқәа – 4128,9 мааҭ.
Ацирктә шоу «Агәымшәақәа реҵәаџьаа» («Созвездие смелых») агастрольқәа мҩаԥыслоит Аҟәа ақалақь аҿы рашәарамза 14 инаркны цәыббрамза 14 аҟынӡа.
Аҟәа. Рашәарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ацирктә шоу «Агәымшәақәа реҵәаџьаа» («Созвездие смелых») агастрольқәа рашәарамза 14 инаркны цәыббрамза 14 аҟынӡа Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥыслоит.
Апрограмма аҿы иҟоуп ашәа зҳәо абжьасқәеи амшәқәеи уахь иналаҵаны, ибжьоу аԥстәқәа рықәгыларақәа, акробаттә номерқәа, ашәарҭара зцу ажанрқәа релементқәа, иара убас жәларбжьаратәи аконкурсқәа рҿы аԥхьахәқәа заухьоу атруппа артистцәа злаху аклоунада (ақьачақьра).
Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» Аҟәатәи аколлеџь астудентцәа аҭыԥқәа рыднагалеит.
Аҟәа. Рашәарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» Аҟәатәи аиндустриалтә коллеџь астудентцәа аҭыԥқәа рыднагалеит.
Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» анапхгараҭара Аҟәатәи аҳәынҭқарратә индустриалтә колеџь аҿы алекциа-аӡыргара мҩаԥнагеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит ахылаԥшырҭа апресс-маҵзура.
Автоеиԥхныҩлара «Аамҭақәа реимадара, абиԥарақәа реимадара» Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоуп рашәарамза 6 рзы.
Аҟәа. Рашәарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Автоеиԥхныҩлара «Аамҭақәа реимадара, абиԥарақәа реимадара» Аԥсны рашәарамза 6 рзы имҩаԥысуеит.
Акциа алахәылацәа идықәлоит асааҭ 8:00 рзы Аҟәа ақалақь, аихамҩатә станциа «Гәыма» аҟынтәи. Урҭ рмаршрут: ақалаққәа Афон Ҿыц – Гәдоуҭа – Гагра – Аҟәа.
Цандрыԥшьтәи ашьапылампыласыҩ ҿарацәа ркоманда «Саӡаа» Анапа имҩаԥысуаз Урыстәылазегьтәи атурнир Russian Cup аҿы аџьазтә аԥхьахә аиура рҽаԥсартәит.
Аҟәа. Рашәарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Цандрыԥшьтәи ашьапылампыласыҩ ҿарацәа ркоманда «Саӡаа» Анапа имҩаԥысуаз Урыстәылазегьтәи атурнир Russian Cup аҿы аџьазтә аԥхьахә ргеит.
Акоманда азы апиедестал ахь амҩа мариамызт. Аибарххара зныԥшуаз афиналтә матч аҿы акоманда «Саӡаа» ашьапылампыл асыҩ ҿарацәа Аҟәатәи Ареспубликатә ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ акоманда асчиот 4:3 ҳәа иаҵахеит. Аха аспортсменцәа ргәы камыжькәа зеиӷьаҟам ала ахԥатәи аҭыԥ агаразы аматч аҿы иқәгылеит. Араҟа еиԥылеит «Саӡаа» акомандеи «Метеор» (Ҟрым) акомандеи, цандрыԥшьаа ахәмарра бзиа аарԥшны, асчиот 5:0 ала аиааира агара рылдыршеит.
Ханты-Мансискынтәи Аԥсныҟа ареис бжьарҵоит рашәарамза 28 инаркны.
Аҟәа. Рашәарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза аԥыррақәа ргеографиа арҭбаауеит. Убас, рашәарамза 28 инаркны Ханты-Мансискынтәи аҳҭнықалақь аҟынӡа ареисқәа абри аамҭаеихша ала иоурыжьҭуеит:
–Ханты-Мансискынтәи иԥыруеит асааҭ 04:35 рзы, Аҟәаҟа иаауеит асааҭ 09:30 рзы.
Маиа Цыбулевскаиа Аԥсны аҵара Аминистрра азеиԥш, абжьаратәи, азанааҭтәи аҵарадырра аҟәша аиҳабыс дҟарҵеит.
Аҟәа. Рашәарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аусбарҭаны еиҭеиҿкаау Аԥсны аҵара Аминистрра азеиԥш, абжьаратәи, азанааҭтәи аҵарадырра аҟәша аиҳабыс дҟарҵеит Маиа Цыбулевскаиа.
Аминистр Хана Гәынба аколлектив анапхгаҩ ҿыц дыдлырдырит, ари аҩыза аиҭакрагьы шьаҭас иамаз далацәажәеит.
Аҟәеи Ԥсоуи еимаздо аихамҩа аҭагылазаашьа бзиоуп ҳәа ахәшьара арҭоит.
Аҟәа. Рашәарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Амҩашәагатә вагон аиасра аихшьаалақәа рыла Ԥсоуи-Аҟәеи еимаздо аихамҩа аҭагылазаашьа ахәшьара бзиа аиуит.
Аихамҩа азеиԥш наӡара 101 км. рҟынӡа инаӡоит. Урҭ рахьынтә 60 км. ибзиаӡоуп ҳәа ахәшьара аҭоуп, 31 км. - ибзиоуп, 10 км. – хар амам ҳәа ахәшьара аиуит.
Ареспубликатә Унитартә Наплакы Аԥсны Аихамҩа адиректор Хада Арсоу Ҷыҭанаа иажәақәа рыла, ас еиԥш алҵшәақәа раиура зыбзоуроу Аԥснытәи аихамҩа аколлектив аҵыхәтәантәи ҩба-хԥа шықәса рыҩныҵҟа ҳәоуеиқәшәарала занааҭдыррала русеицура ауп.
Хәымз рыла ареспубликатә биуџьет 2,1 млрд. мааҭ ашәахтә шәатәқәа алагалахеит.
Аҟәа. Рашәарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза, 2025 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет ахь ашәахтә лагалақәа 412 млн. 920,8 нызықь мааҭ, уи 121% иартәоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра.
Хәымз рыла ареспублика абиуџьет иалагалаз ашәахтә шәатәқәа реицҵалыҵ 2 млрд. 100 млн. 337,5 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит, убри аан аплан ала иазԥхьагәаҭан 1 млрд. 883 млн. 786,4 нызықь мааҭ. Анагӡара 111% рҟынӡа инаӡеит.
Аԥсны иацҵаны имҩаԥысуеит аӡахәааӡара азы атренингқәа рҵарадырратә цикл.
Аҟәа. Рашәарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 3 – 4 рзы Аҟәа ақалақь аҿы Аԥсны еиуеиԥшым араионқәа рҟынтәи аҩыҭаҭәаҩцәеи аӡахәааӡаҩцәеи рзы арҵара-зыҟаҵаратә тренингқәа рцикл иацҵахеит. Аусмҩаԥгатәқәа аспециалистцәа рквалификациа ашьҭыхреи аҭыԥантәи аԥсабаратәи асорттәи аҷыдарақәа ҳасаб азуны аӡахәаҭрақәа рааӡараҿы ҳаамҭа иақәшәо аметодқәа рхархәара алагалареи иазырхоу аҵара-зыҟаҵаратә цикл иахәҭакны иҟалеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу Аԥсны Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара афатә-ажәтәии ақыҭанхамҩатәи Аиҿкаара апроекттә офис.