АЖӘАБЖЬҚӘА

Items filtered by date: Ахаша, 25 Рашәара 2025

Сухум. 25 июня 2025. Апсныпресс. Уполномоченная по правам человека в Абхазии Анас Кишмария приняла участие в конференции, посвященной 25-летию создания института Уполномоченного в Татарстане, проходящей в Казани.

Икьыԥхьуп Новости

Аҟәа. Рашәарамза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Атәыла аԥыза-министр Владимир Делба Аԥсны 2026–2030 шш. асоциал-економикатә ҿиаразы Аҳәынҭқарратә программа аҽазыҟаҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны аусбаҭақәа русура аоптимизациа азы анапхгарабжьаратәи апланқәа рышьақәырӷәӷәара азҵаарақәа рыла аилатәара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Рашәарамза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Вараздат Миносиани атуризм аминистр Асҭамыр Логәуеи МВО, ПВО  ԥыхьатәи асанаториақәа  рҵакырақәеи уи иаԥну апарктә зонақәеи амшынҭаларҭақәеи (аплиажқәа)  рҭагылазаашьа апланнҭыҵтәи агәаҭара мҩаԥыргеит.

Асанаториақәа рҵакырақәа, аплиажи рҭагылазаашьеи аҵакыра ариаҵәареи, рганахьала  хыԥхьаӡара рацәала аилагарақәа аарԥшын. Иаарԥшыз аилагарақәа зегьы рзы аинформациа аҭагылазаашьа аоперативра арҽеиразы уи азы аҭакԥхықәра зду аусбарҭақәа рахь инашьҭхоит.

Атуризм аминистр ахылаԥшырҭа ахьӡала лассы-лассы атуристцәа рҟынтәи аобиектқәа рсанитартә  ҭагылазаашьа, акрыҿаҵара аиҿкаара, уҳәа  азы агәынамӡара зныԥшуа ашәҟәқәа нашьҭхоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. Ауадаҩрақәа ыҟоуп ацрыӡмангареи аҩаршьҭрақәеи рҭагылазаашьа иадлҳәалангьы.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Рашәарамза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахада Бадра Гәынба рашәарамза 24 рзы  ахәыҷқәа рзы урыстәылатәи аԥаратә цхыраара зауаз гәыԥҩык анацәа дырԥылеит. 

Аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵаз адырра ала иара идҵа инақәыршәаны, аусбарҭабжьаратә усутә гәыԥ аԥҵоуп. Уи анапынҵақәа иреиуоуп ироуз ацхыраагӡақәа ирыхҟьаны ашәарҭара иақәшәаз, Урыстәыла атәылауаҩра змоу Аԥсны атәылауаа азинтә цхыраара рыҭара. Аимадара ҷыда аартуп. Ашәарақәа зауаз ирызку адыррақәа зегьы еизгатәуп.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Рашәарамза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра абиуџьеттә еиҿкаарақәа уахь иналамҵакәа,  аиуристтә хаҿқәа зегьы аҳасабырбатә ҳасаббара иадҳәалоу адырра рынаҭоит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.