Items filtered by date: Ахаша, 18 Рашәара 2025
Владимир Делба Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара азҵаарақәа рзы аусратә еилатәара мҩаԥигеит.
Аҟәа. Рашәарамза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Владимир Делба Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара азҵаарақәа рзы аусратә еилатәара мҩаԥигеит.
Аилатәара иалахәыз Аԥсни Урыстәылеи аминистрақәеи ахылаԥшырҭақәеи рхаҭарнакцәа Аԥсны аекономика ихадоу аусхкқәа – аенергетика, атуризм, атранспорт, иара убас агәабзиарахьчареи аҵарадырреи, аинвистициатә климат, еиҭамҵуа амазара акадастр, ашәахттәи аҳазалхратәи анапхгараҭара, акоммуналтә инфраструктура, ауааԥсыра рсоциалтә хьчара рыҿиара аусуратә хсаалақәа рыпроектқәа ирылацәажәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.
Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аделегациа XXVIII Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә Форум ахы аланархәуеит.
Аҟәа. Рашәарамза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба зхадараҿы дыҟоу Аԥсны Апарламент аделегациа XXVIII Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә Форум ахы аланархәуеит.
Апарламенттә делегациа аилазаараҿы иҟоуп – Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩцәа Асҭамыр Аршбеи Ашот Миносиани, адепутатцәа Инар Саӡба, Беслан Емырхәбеи Инар Гыцбеи.
Аҟәа иҟоу Москва Аҩны амедицинатә маҭәарқәеи аалыҵқәеи Аԥсны амедусбарҭақәа - ареабилитациатә центри аполиклиникеи ирынаҭеит.
Аҟәа. Рашәарамза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу Москва Аҩны 600 нызқь мааҭ рыхә 200 инареиҳаны амедицинатә маҭәарқәеи аалыҵқәеи рзаанахәеит Гагратәи ареабилитациатә центри Аҟәатәи ақалақьтә поликлиникеи №1.
Фильм об Абхазии “Сотворение” показали в РУСДРАМе
Сухум. 18 июня 2025. Апсныпресс /Алексей Шамба/ Картину на основе повести Георгия Гулиа "Каштановый дом” по сценарию Джумы Ахуба снял режиссер Николай Иващенко в 1970 году. 51-минутный фильм до сегодняшнего дня не был известен абхазскому зрителю.
Аԥсны иазку афильм «Аԥҵара» («Сотворение») Аурыс драматә театр аҿы иддырбеит.
Аҟәа. Рашәарамза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Гьаргь Гәлиа иажәабжь «Ахьатә ҩны» ала иҭыху афильм «Аԥҵара» («Сотворение») дырбан Аурыс драматә театр аҿы, иара ҭырхижьҭеи 55 шықәса рышьҭахь.
Гьаргь Гәылиа иповест «Ахьатә ҩны» ашьаҭала Џьума Аҳәба исцинари ала 1970 шықәсазы, арежиссиор — Николаи Машьенко ила иҭыхын. 51-минуҭ ицо афильм аурысшәахьынтә асинхронтә еиҭагара амоуп, иахьанӡа аԥснытәи ахәаԥшцәа шамахамзар идыдмырбаӡацызт.
Аԥсны ирыҭоуп 4 934 нызықь урыстәылатәи ахкы амашьынарныҟәцаразы азин аршаҳаҭгақәа.
Аҟәа. Рашәарамза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 14, 2025 шықәса инаркны Аԥсны ирыҭоуп 4 934 нызықь урыстәылатәи ахкы амашьынарныҟәцаразы азин аршаҳаҭгақәа.
Автоҳәынҭинспекциа аиҳабы Дамеи Аҩӡба Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәҿо, урыстәылатәи амашьынарныҟәцаразы азин аршаҳаҭгақәа раиуразы зынӡа ирыдкылоуп 6 442 зыҳәамҭа, урҭ рахьынтә иҟаҵоуп – 5699 цыра аршаҳаҭга ҳәа адырра ҟаиҵеит.
Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аҿы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара ҳаԥхьаҟа аспорттә усеицура аперспективақәа ирылацәажәеит.
Аҟәа. Рашәарамза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Абаҩарҵәыреи аспорти русхкы аҿы аԥсны-урыстәылатәи аусеицура аҿиара иазкын аҿари аспорти русқәа рзы имҩаԥысыз аусуратә еиԥылара.
Аиԥылара имҩаԥысраны иҟоу Урстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара асоциал-економикатә усеицура азы Анапхгарабжьаратәи акомиссиа изаамҭанытәиу аилатәара аҽазыҟаҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит, ҳәа адырра ҟаҵоуп Аҳәынҭеилакы аофициалтә саит аҿы.
Рустам Агрба Пицунда ақалақь ахада аамҭала инапынҵақәа рынагӡаҩыс дҟаҵоуп.
Аҟәа. Рашәарамза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциеи «Административ-дгьылҵакыратә акқәа рыҟны напхагараҭаразы» азакәани инарықәыршәаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Хәынҵариа Руслан даҽа усурак ахь ииагара инамаданы, Пицунда ақалақь ахада ин.н. имаҵураҟнытә ихы ақәиҭтәразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаҩра змоу атәанчаҩцәа атәанчахәы роулоит абанктә хсаалага ПСБ ахь мацара.
Аҟәа. Рашәарамза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаҩра змоу атәанчаҩцәа атәанчахәы роулоит абанктә хсаалага ПСБ ахь мацара, абри атәы аанацҳауеит абанк апресс-маҵзура.
Атәанчахәқәа ПСБ ахсаалагақәа рахь мацара ахыԥхьаӡалара аԥҟарақәа рҽырыԥсахуеит нанҳәамза инаркны. Иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо атәанчаҩцәа абанк ПСБ ахсаалагақәа аиуразы заанаҵы иманшәалоу аамҭа алхны рыҽҭарҩыр рылшоит, хәыда-ԥсадатәи аҭел ала. Иара убас ареспублика иахьаҵанакуа иаарту Аԥсны Аҵәахбанк аҟәшақәа 12 иадҵаалар рылшоит.
Иахьыҟоу аҭыӡҭыԥқәа ахсаалаҿы иарбоуп.