Аԥсны аганахьала аиԥылара рхы аладырхәит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Ҭарашь Ҳагбеи уи ицхырааҩ Рафаель Амԥари; Урыстәыла аганахьала – аспорттә зыҟаҵара аметодикатә еиқәыршәара Ацентр анапхгаҩы Мариа Лихтинеи аспорттә резерв азыҟаҵара Афедералтә Центр аспорттә резерв азыҟаҵара аиқәыршәареи анализ анапхгараҭареи русбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Татиана Булычиова.
Ҭарашь Ҳагба урыстәылатәи иколлегацәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо зегьы хра злоу алҵшәа бзиа аазырԥшуа аусеицура ашьақәгылара рзеиӷьаишьеит.
Рафаель Амԥар Аԥсны аспорт аусхкы аҿы аусқәа рҭагылазаашьеи Аҳәынҭеилки амуниципалтә усбарҭақәеи русуреи аструктуреи рзы урыстәылатәи апартниорцәа адырра риҭеит.
Урыстәылатәи аспециалистцәа аԥснытәи рколлегацәа рԥышәеи рметодикатә усумҭақәеи рымардеит.
Аганқәа анаҩстәи аусеицуразы ихадоу ахырхаҭақәа алыркааит.