25-января-2023

ИМҨАԤЫСИТ АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБИ АНХАРҬАҬЫԤ АИУРАЗЫ АМИТИНГ ЕИҾЫЗКААЗ РХАҬАРНАКЦӘА АҨБАТӘИ РЕИԤЫЛАРА.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб анхарҭаҭыԥ ала аиқәыршәаразы адҵа ықәыргыло Аҟәа ақалақь аҿы амитинг еиҿызкааз аԥшьгаратә гәыԥ ахаҭарнакцәа даҽазныкгьы дырԥылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура. 

Аиԥылара рхы аладырхәит Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Аршба, адепутатцәа  Рашида Аиба, Асҭамыр Герхьелиа, Инар Гыцбеи  Беслан Ҳалуашьи, асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рзы Аминистрра ахаҭарнак Ромео Черқьезиа, Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ашәба.

Алеқсандр Анқәаб анхарҭатә проблема аӡбаразы иҟоу алшарақәа дрыхцәажәеит, убри аан аҳәынҭқарратә программа «Анхарҭа 2023 – 2025 шш» ала аӡбамҭақәа  ирзыԥшуп 1 –тәи агәыԥ иаҵанакуа аинвалидцәа, ианыхәыҷу аахыс аинвалидра змоу, ахәыҷы-инвалидцәа змоу ахәыҷқәа, аби-ани змам аиаҭымцәа, Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз рҭаацәа, х-ҩык, ма еиҳаны ахәыҷқәа змоу аҭаацәа, уҳәа акатегориақәа ирыҵанакуа 413-ҩык азыҳәаҩцәа.  

Аԥшьгаратә гәыԥ ахаҭарнакцәақәак ус еиԥш алшара ҟалар, ареспублика егьи аиланхарҭатә пунктқәа рахь аиасра ишазхиоу рҳәеит.

Асоциалтә политикеи аџьеи агәабзиарахьчареи адемографиеи, аветеранцәеи аибашьра аинвалидцәеи русқәа рзы апарламентә еилакы ахантәаҩы Рашида Аиба  аилак апретендентцәа зегьы хазы-хазы рызҵаара аҭҵаареи обиективла азнеиреи апроблема аӡбара аганахьала ацхыраара аҟаҵареи иазхиоуп ҳәа иазгәалҭеит.   

Убасҵәҟьа аԥшьгара ҟаҵо дықәгылеит адепутат Асҭамыр Гьерхьелиагьы. Уи ареспублика мрагыларатәи ахәҭа аҿы анхарҭа ала аиқәыршәара аганахьала ацхыраара аҭара дшазхиоу азгәеиҭеит. 

 

 


Прочитано 1030 раз
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.