«Шәара зегьы шьахәлаҵәҟьа дышәдыруеит Тарас Ҳагба. Ари ауаҩ есымшагьы аспорт аҿы дыҟан. 32 шықәса мацара шихыҵуагьы уи аԥышәа дууи аихьӡара заманақәеи змоу спортсменуп, аамҭак иалагӡаны иара Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа напхгара аиҭон. Уи инапхгарала, насгьы шәара шәыцхыраарала ашьапылампыл аҿиара аганахьала иҟаҵаз даара ирацәан. Даҽазныкгьы Тарас Мирон-иԥа ишәыдысныҳәалар сҭахуп амаҵура ҿыц аҿы шәыҟаҵара, иара убас иҭабуп ҳәа иасшәоит аҳәынҭқарратә Еилакы ԥыхьатәи анапхгаҩы. Шәара шәыхшыҩи шәылшарақәеи еилаҵаны ишәылшәыршаз акыр ирацәоуп, уи даара ахә ҳаракны иаҳшьоит. Агәыӷра сымоуп аколлектив ацхыраара шшәырҭо, ақәҿиара дуқәагьы шәзеиӷьасшьоит», – ҳәа иҳәеит атәыла аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ.
Беслан Џьопуа Тарас Ҳагба иҿыцу амаҵураҭыԥ аҿы ақәҿиарақәа изеиӷьаишьеит.
Аҳәынҭқарратә Еилакы аколлектив ахьӡала анапхгаҩы ҿыц дидныҳәалеит ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Мадина Воуба.
Тарас Ҳагба атәыла анапхгара ирҭаз агәрагара азы иҭабуп иҳәеит.