Уажәы зыргылара мҩаԥысуа асасааирҭа «Черноморская жемчужина» 16 еихагылакны иҟоу обиектуп. Уи аусура иалагароуп ҳазҭоу ашықәс, лаҵарамзазы. Иахьазы иарбоу аобиект ахь иалагалоу аинвестициақәа 300 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит, ахыркәшаразы уи 350 млн мааҭ рҟынӡа инаӡароуп.
Даҽа 10 обиект рыргыларазы адгьылқәа рзоужьуп.
Очамчыра ақалақь аҿы амшынтә баӷәаза иахьаҵанакуа иргылоуп аргыларатә еилаԥсақәа рҭыжьра азы азауад. Азауад аҭыжьратә мчхара – шықәсык ахь 1800 тонн рҟынӡа инаӡоит. Уажәы уаҟа аус руеит 15-ҩык аусзуҩцәа. Аԥхьаҟа аҭыжьратә лшара 6000 тонн рҟынӡа ашьҭыхреи аусзуҩцәа рхыԥхьаӡарагьы 25-ҩык рҟынӡа ацҵареи азԥхьагәаҭоуп.
Ашәҟәҭагалара астадиа аҿы иҟоуп амшынеиқәатә мидиақәеи аокеанҭынчтәи амыдаӷьқәеи Очамчыра араион амшын Еиқәа аӡымҽхак аҿы раарыхра азы Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Тамшь Бион».
Иара убас Аӡҩыбжьа ақыҭан агрокомплекс – Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Золотой берег» амидиақәеи амыдаӷьқәеи, иара убас аӡымшьатә еиԥш амшынтә креветкақәеи рааӡара азԥхьагәаҭаны иамоуп.
2020 – 2022 шш. Аинвестициатә Программа аҳәаақәа ирҭагӡаны Очамчыра араион аҿы инарыгӡеит ауснагӡатәқәа быжьба. Уи ахарџьынҵа аицҵалыҵ 328 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп – ареспубликатә трасса «Аҟәа-Очамчыра» арлашара, Мықә ақыҭан аӡеизакырҭатә шьақәгылага аргылара, ақалақь аҿы 100-ҩык рҭыԥ змоу ахәыҷбаҳча аргылара, амҩадуқәа акаҭран рықәҵара, иара убас звольҳараку афымцамҩангага «Аҽгәара–220» аиҭашьақәыргылара, уҳәа убас иҵегьы.
Аихшаратә каҭақәа шьаҭанкыла реиҭашьақәыргылара мҩаԥган. Уи ахарџь 9 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Звольҳараку афымцамҩангага «Аҽгәара» аиҭашьақәыргылара азы иахәҭоу амаҭәахәи аиқәыршәагақәеи аахәан. Уи ахарџь 108 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит.
Ареспубликатә трасса арлашара актәи аетап хыркәшахеит, уи иақәхарџьхеит 76 млн. мааҭ
80 % рҟынӡа инагӡоуп Мықә ақыҭан аӡеизакырҭатә шьақәгылага аргылара иадҳәалору аусурақәа. Аинвестициатә Программа ала иарбоу ахықәкқәа рзы иазоужьхоит 53 млн 860 нызықь мааҭ.