26-января-2023

2022 ШЫҚӘСАЗЫ ҬҞӘАРЧАЛ АРАИОН АҾЫ АХАРХӘАРА ЗАУЗ АФЫМЦАМЧ АЗЫ АУАЛ 54,7 МЛН. МААҬ РҞЫНӠА ИНАӠОИТ.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.   2022 шықәсазы Ҭҟәарчал араион абиуџьет анагӡара 105 % рҟынӡа инаӡеит.  Абиуџьет аҟынтәи 80 % рҟынӡа ауалафахәи асоциалтә шәатәқәа ршәареи рахь идәықәҵахеит.  Абри атәы иҳәеит Абри азы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Иусбарҭа аҿы ажьырныҳәамза 26 рзы, аԥшьаша анагӡаратә мчратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа алархәны имҩаԥысыз аилатәара аҿы 2022 шықәсазы инагӡаз аусура азы аҳасабырба ҟаҵо иҳәеит Ҭҟәарчал араион ахада ихаҭыԥуаҩ Владислав Аршба.

Зынӡа араион аҿы аус зуа ауааԥсыра рхыԥхьаӡара 9 783-ҩык рҟынӡа инаӡоит. 1393-ҩык аекономика еиуеиԥшым аусхкқәа рҿы аус руеит, 850-ҩык – абиуџьеттә усхкы аҿы.

Ҭҟәарчал араион асоциалтә еиқәыршәара аҟәша аҿы ажьырныҳәамза 1, 2023 шықәсазы иҟаз адыррақәа рыла, ашәҟәы иҭагалоуп 4 402-ҩык, урҭ рахьынтә 2 753 -ҩык  ақәра ала.

433-ҩык аԥсуа тәанчахәы мацара ауп ироуа,  1900-ҩык   –  аԥсуа тәанчахәы еиԥш аурыс тәанчахәгьы роуеит.

2022 шықәсазы ахархәара зауз афымцамч азы ауал  54 млн  730 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит, уахь иаҵанакуеит: 

Хазхаҭалатәи ахаҿқәа рҟынтәи – 53 млн 739 нызықь мааҭ,

Аиуристтә хаҿқәа рҟынтәи – 991 нызықь мааҭ.

Иааизакны араион аҿы афымцамч ахархәара азы ашәатәқәа реизгара  2022  шықәсазы 20, 2 % рҟынӡа инаӡон.

Ҭҟәарчал араион аҿы 19 121  гектар ақыҭынхамҩатә зкызаара змоу адгьыл ыҟоуп, уи аҟынтәи ахархәара змоу  8000 гектар ауп, егьи – бнароуп, ӡбаароуп.

Араион аҿы аус руеит ақыҭанхамҩатә наплакқәа хԥа, урҭ 52 гектар адгьыл иахьаҵанакуа ацитрустә шәырқәа рааӡара иаҿуп.

Ақыҭанхамҩа аҿиара азы аҳәынҭқарратә Программа ала 2022 шықәсазы араион аҿы инагӡан ақыҭанхамҩатә проектқәа хәба, урҭ рхарџьынҵа 16 млн 278 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

2020 – 2022 шш. Аинвестициатә Программа аҳәаақәа ирҭагӡаны араион аҿы иазԥхьагәаҭаз ауснагӡатәқәа быжьба рҟынтәи инагӡан ҩба. Урҭ рхарџьынҵа   13 млн 856 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.         


Прочитано 2079 раз
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.