Алеқсандр Анқәаб ихадоу агәрагага ашьаҭала аҳәаанырцәтәи атәылауаа ирыҭаз анхарҭатә обиектқәа рзы аинформациа ҟаиҵеит. Уи иажәақәа рыла, иахьазы 5 863 инарзынаԥшуа аобиектқәа ихадоу агәрагагақәа рыла аҳәаанырцәтәи атәылауаа рхархәараҿы иҟоуп .
«Аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа зегьы ирылагӡаны ихадоу агәрагагақәа рыла Аҟәа ақалақь аҿы аҳәаанырцәтәи атәылауаа ахархәаразы ирыҭан 2218 цыра анхарҭаҭыԥқәа, Аҟәа араион аҿы – 140, Гәылрыԥшь араион аҿы – 291, Гәдоуҭа араион аҿы – 592, Гагра араион аҿы – 2021, Очамчыра араион аҿы – 294, Ҭҟәарчал араион аҿы – 17, иара убас Гал араион аҿы – 5. Иааизакны уахәаԥшуазар, урҭ рхыԥхьаӡара 5863 обиеект рҟынӡа инаӡоит, урҭ зегьы агәрагага ала аҳәаанырцәтәи атәылауа ирымпыҵакуп. Ари зегьы ҳара ҳауп иҟазҵаз, ҳнотариусцәа рнапала, ҳауаажәлар рыла иҟаҵоуп», - ҳәа иҳәеит аԥыза-министр.
Атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба убасҵәҟьа Аԥсны апарт-отельқәа рыргылара атуристтә усхкы аҿиара иацхраауеит ҳәа игәаанагара иҳәеит.
«Ҳара Шәача ақалақь иаҿырԥшны аҭҵаарақәак мҩаԥаагеит. Шәача ақалақь аҿы ҿыц иргылаз апарт-отельқәа раҳасабала ашьҭаларҭа-ҭыԥқәа рхыԥхьаӡара аизырҳара амҩа алырхит. Уи –иҿыцу атенденциа ауп, уи адагьы ҳаамҭазтәи ареспублика аҿы атуризм аҿиара зыҟаларым», -ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Ҭеимураз Хышба.