20-декабря-2022

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА ИУСБАРҬА АҾЫ АЕНЕРГЕТИКАТӘ УСХКЫ АҾЫ ИШЬАҚӘГЫЛАЗ АҬАГЫЛАЗААШЬА ИАЛАЦӘАЖӘЕИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 20, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҿы имҩаԥысит атәыла анапхгареи Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭеи рнапхгаҩцәа есымчыбжьатәи реилатәара.  

Аилатәара иара убас ихы алаирхәит Ареспубликатә унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» адиректор хада Зураб Багаԥшь.

Аилатәара иалахәыз афымцамч ала аиқәыршәара, ахархәара зауз алашара азы ашәатәқәа реизгара, ахархәара зауз алашара аҳасабыркра азы аиқәыршәагақәа рышьақәыргылара, уҳәа реиԥш иҟоу актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит. Ирылацәажәеит иара убас ақыҭанхамҩатә сезон заанаҵтәи аихшьаалақәагьы.


Прочитано 973 раз
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.