20-декабря-2022

АԤСНЫ АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТР УРЫСТӘЫЛА ИҞОУ АԤСНЫ АКОЛЛЕКТИВ АНАПХГАҨ ҾЫЦ ДЫДИРДЫРИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 20, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аколлектив анапхгаҩ ҿыц, Алхас Кәыҵниа, дыдирдырит.

Инал Арӡынба иажәахә аҿы инаҵшьны иазгәеиҭеит Ацҳаражәҳәарҭа Аԥсны амилаҭтә интересқәа мҩаԥызго центрны иҟалар шакәу.

«Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ацҳаражәҳәарҭа аусура аманиторинг мҩаԥигалоит. Ҳгәыӷуеит аусбарҭа аусура хра аманы иҟалап, аизҳара аиуп ҳәа» - иҳәеит аминистр.

Алхас Кәыҵниа ҭабуп ҳәа ахиҳәааит Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз агәрагара, агәыӷра ааирԥшит адипломатиатә хаҭарнакра аусура алҵшәа бзиақәа аиуп ҳәа.

Алхас Кәыҵниа Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчра нагӡа змоу цҳаражәҳәаҩыс иҟаларазы Аусԥҟа анапаҵыҩра мҩаԥган 2022 шықәса абҵара 30 азы.

 


Прочитано 828 раз
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.