20-декабря-2022

АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА ИХАҬЫԤУАҨ БАДРА ГӘЫНБА АЗИНХЬЧАРАТӘ УСБАРҬАҚӘА РНАПХГАҨЦӘА АЛАРХӘНЫ ЕСЫМЧЫБЖЬАТӘИ АИЛАЦӘАЖӘАРА МҨАԤИГЕИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 20, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа алархәны есымчыбжьатәи аилацәажәара мҩаԥигеит.

Аилацәажәара иара убас иалахәын аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ, Зураб Қаџьаиа.

Азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа рымҩаԥысшьа инамаданы адырра ҟарҵеит.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба адырра ҟаиҵеит аусбарҭа азинеилагарақәа рзы агәҽанҵарақәеи, ацәгьоура алмыршареи, амҩа-транспорттә ныҟәара ашәарҭадара алыршареи ирызкны имҩаԥысуа ареидтә усмҩаԥгатәқәа рзы. Ареидқәа рырӷәӷәареи маӡала апатрульреи алҵшәа бзиақәа аадырԥшит», – ҳәа иҳәеит аминистр.

Аилацәажәараҟны амчратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа ирыдҵан ашықәсҿыцазтәи аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгараан ашәарҭадаратә уснагӡатәқәа рырӷәӷәара.

Апрокурор хада Адгәыр Агрба  ауаажәларраҿы агәҭынчымра цәырызго ашьаустә усқәа рыҭҵаара шымҩаԥысуа азы адырра ҟаиҵеит. Адгәыр Агрба иара убасгьы иазгәеиҭеит ареспубликатә телеканалқәа рыла акоррупциатә хырхарҭа змоу аусӡбаратә процессқәа еиҳа инарҭбааны рырбара шаҭаху.


Прочитано 794 раз
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.