13-декабря-2022

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АИҲАБЫРЕИ АХАДА ИУСБАРҬА АНАПХГАРЕИ АЛАРХӘНЫ АУСУРАТӘ ЕИЛАЦӘАЖӘАРА МҨАԤИГЕИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 13, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аиҳабыреи Ахада Иусбарҭа анапхгареи алархәны аусуратә еилацәажәара мҩаԥигеит

Аилацәажәараан иахәаԥшын асоциалтә-економикатә ҿиареи аинвестпрограмма анагӡареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа. Аилацәажәара алахәцәа адырра ҟарҵеит аҳәынҭқарра Ахада изыӡбақәеи инапынҵақәеи аҭыԥаҟны рынагӡара шымҩаԥысуа азы. Иара убас иалацәажәеит ДЖӘР-еи ЛЖӘР-еи рхәыҷқәа рзы агуманитартә цхыраара аиҿкаареи ашьҭреи ирызкыз азҵаара.

Аслан Бжьаниа инаҵшьны иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵаз адҵақәа рынагӡара зду аусбарҭақәа русеицура аҭахны ишыҟоу.

 


Прочитано 1042 раз Последнее изменение 13.12.2022
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.