Шәара зегьы игәашәҭахьазар ҟалап, аҵыхәтәантәи жәа-шықәса рыҩныҵҟа аҳәынҭқарратә еилазаара анапхгаҩыцәа зегьы еицҿакны ирҳәоз асистема ақәсра 80% рҟынӡа инаӡоит ҳәа акәын. Убри аан ишакәхалакгьы аԥарақәа ԥшааны ана-ара аамҭала акәзаргьы, аиԥҟьарақәа рырҽеира алыршахоит, ус ада уаҳа алшара ыҟам иахьатәи амш азы, ауаа зынӡа лашарада иаанымхарц азы иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит. Ари аус аҿгьы ҳара Урыстәылантәи ацхыраара ҳақәгәыӷуеит.
Сара угәра ганы сҟоуп уаантәи ацхыраара шҳауо ала.
Ҳара иарбоу аусхкы аԥаратә хархәагақәа ралагаларазы шьаҭанкылатәи аӡбамҭақәа ҳадаҳкылароуп. Урҭ зназы иԥшаатәуп. Акредиттә, имариоу аԥарақәа ыҟаӡам, уи иаанаго иабантәи ааҳго урҭ аԥарақәа ҳәа ахәыцра аҭахуп – аҳәынҭқарра-хазхаҭалатәи аилахәыларала, мамзаргьы даҽа шьаҭак ала аку иӡбатәуп. Ишыҟазаалакгьы, ҳара жәаҳәарада ари азҵаараҿы аҳәынҭқарра хадара злоу, ахылаԥшратә роль шынанагӡац инанагӡо иаанхартә еиԥш иҟаҳҵоит.
Афымцалашара аҿыхрақәа макьаназы иҟалалоит. Уажәы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит. Афымцамч аҿыхра ҳара аграфик инақәыршәаны аҟаҵара ҳҽазаҳшәоит. Еилагарақәак аҭыԥ роур, усҟан азхьаԥшра, насгьы иахәҭоу аусбарҭақәақәа рахь асра аҭахуп. Ҳара уи азы ҷыдала иазоужьхо аҭелтә цәаҳәа ҳауеит.
Аенергетикатә усхкы аҿы ауадаҩрақәа еиуеиԥшым аамҭақәа рзы ирызцәырҵхьан егьырҭ ҳааигәа-сигәа иҟоу аҳәынҭқаррақәагьы. Ермантәылеи Қырҭтәылеи ауаа зынӡа лашарада итәан, рыҩнқәа амҿтәы ԥечкақәа ргыланы идырԥхон, анаҩс урҭ ареформақәа мҩаԥыргеит, аенергетикатә усхкы иахәҭоу аинвестициақәа ралагалара алдыршеит. Ииашоуп, алашара ахәԥса еиҳахеит, аха алашара ауаа рыҩнқәа рҿы иҟоуп. Еиԥҟьарада афымцамч ала аиқәыршәара - ари азҵаара уаҟа аӡбара алыршахеит.
Жәаҳәарада, шьаҿа-шьаҿала атарифқәа рышьҭыхра хымԥадатәны иҟоуп. Ҳара еилаҳкаауеит, уи ҳауаажәлар иуадаҩу еидараны ишырзыҟало. Аамҭак ала ҳара етап-етапла ауалафахәы ашьҭыхра алҳаршоит.
Ауааԥсыра рхы иадырхәаз афымцамч азы акыр идуу ауал рықәхеит. Ауааԥсыра рыхәҭак афымцамч ахәԥса ршәоит, аха аиҳараҩык уи ршәаӡом. Ари апроблемагьы иуадаҩу усны ҳаԥхьа ишьҭоуп.
Ҳара афымцаԥхьаӡагақәа шьақәҳаргылоит, иазгәаҭатәуп, уи ахьалыршаз аҭыԥқәа рҿы аҭагылазаашьа аиӷьхара иалагеит, ашәатәқә реизгара иацлеит.
Ааи, ҳара иахьа апроблемақәа маҷымкәа иҳамоуп, аха ҳуааԥсыра зынӡа лашарада иаанхаӡом. Афымцамч аҿыхра графикла имҩаԥыслоит, уи заанаҵы ирылаҳәахоит.
Арҵаҩцәа афымцамч азы ахәԥса ашәараан азинҷыда роура атәы.
Арҵаҩцәа, мамзаргьы егьырҭ акатегориақәа ирыҵанакуа ауаа азинҷыда рыҭара азы иарбоу азинҷыда ахарҭәаара азы аԥара ыҟазароуп. Ус еиԥш алшара ыҟаӡам. Иахьа аҳәынҭқарра «Амшынеиқәафымцамч» аҿаԥхьа иақәу ауал 400 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
Аҳәынҭқарра Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» аҿаԥхьа иақәу 2 млрд. мааҭ ауал аҟынтәи 400 млн. мааҭ – ари азинҷыда змоу рзы ҳара иаҳшәараны иҟоз аԥарақәа роуп.
Аибашьрашьҭахьтәи 29 шықәса рыла раԥхьаӡа акәны абиуџьеҭ ала аплантә рбагақәа нагӡахеит иҳаҩсыз ашықәс азы. Аԥаратә хархәагақәа рӷьырак акоронавирустә ҿкы чымазара аҿагылара, аԥсабаратә цәырҵрақәа рыхҟьаԥҟьақәа рырҽеира ахь идәықәҵахеит. Ҳара аплан ахыхь миллиард ҳарҳаит, апроблемақәа рыӡбара акәзар иҳазтәоит шә-миллиардк. Ҳара арҭ азҵаарақәа зегьы шьаҿа-шьаҿала, иналак-аалакны иҳаӡбоит.
Аҳәынҭқарра Ахада иара убас агазификациа, анефть аҵхара, атәанчахәқәа ршәара, аветеранцәеи аибашьра аинвалидцәеи ацхыраара рыҭара, азинхьчаратә усбарҭақәа русура, ақыҭатә школқәа, Беларусиа Ахада Алеқсандр Лукашенко Аԥсныҟа иаара, Аԥсны анҭыҵ аҽыхәышәтәра, атәыла анапхгареи аоппозициеи реизыҟазаашьақәа, аконституциатә реформақәа, уҳәа убас ирацәаны атемақәа ирыдҳәалоу хыԥхьаӡара рацәала азҵаарақәа ирҭеит.