10-ноября-2022

АКОРОНАВИРУСТӘ ҾКЫ ЧЫМАЗАРА АПАНДЕМИА АҾАГЫЛАРА АЗЫ 2020 ШЫҚӘСА ИНАРКНЫ РАШӘАРАМЗА 1, 2022 ШЫҚӘСАНӠА ИНЫХЫН 1 МЛРД. 18 МЛН.

Аҟәа. Абҵарамза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иахьа атәыла ауажәларра рҿаԥхьа атәыла Ахадас иҟазаара аамҭа иҭагӡаны имҩаԥгаз  аусура азы аҳасабырба ҟаҵо, «акоронавирустә ҿкы чымазара иақәҳарџьыр акәхеит абазатә инфраструктура ахь алагалақәа ираҟароу аԥаратә хархәагақәа реицҵалыҵ», ҳәа иазгәеиҭеит.

Аслан Бжьаниа иарбоу аԥаратә хархәагақәа рныхра ахырхарҭас иаиуз инарҭбааны еиҭеиҳәеит.  Убас, амедицинатә усзуҩцәа руалафхәы ацҵа ахь ахарџь 281,3 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит.

Аковидтә хәышәтәырҭа Хада афункциақәа назыгӡоз Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аусура аиҿкааразы идәықәҵан 102,1 млн. мааҭ.  Уахь  иаҵанакуеит акомпиутертә томографиа азы ахыбра аҿакы аҭара, апациентцәа рыкрыфара аиҿкаара, апациентцәа цәарҭамаҭәала реиқәыршәара, арентгентә аппарат азы аиқәыршәагақәеи амедицинатә ҵыҵәри раахәара, абиотехникатә маҵзурақәа рымҩаԥгара, адизельтә генератори егьырҭ аиқәыршәагақәеи раахәара, уҳәа убас ирацәаны.

Амедицинатә еиқәыршәагақәа, ахәшәқәеи аныхтә маҳәахәқәеи раахәаразы зынӡа иазоужьхеит 503,9 млн. мааҭ.

Аҵараиурҭақәеи егьырҭ асоциалтә инфраструктура иаҵанакуа аобиектқәеи рҿы излауа ала аасанитар-епидемиологиатә шәарҭадара алыршара азы аҳауа азҩыдатәра иазку аппаратқәа: аҳау азҩыдатәра иазку аультра-дәыкрынԥшратә шәахәаркыга-рециркулиаторқәа  раахәара мҩаԥган. Уи иақәхарџьхеит  3,45 млн. мааҭ, 30 аҵәыҵәритә еизакыгақәеи арыԥҳақәа рыҩныҵҟа аҳауеиҭарсразы аппаратқәеи (ИВЛ) раахәаразы иныхыз аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 23,3 млн. мааҭ иреиҳахеит.  

463,5 млн. мааҭ еиҭҵуа аренгентә цифратә шьақәыргылагақәеи  ПЦР- лабораториақәа ҩба рзы аиқәыршәагақәеи, иара убас  аинфекциатә хәашәтәырҭа азы ахәшәқәеи а-УЗИ аппарати хаҭалатәи ахыхьчагатә хархәагақәеи амедицинатә маругақәеи аинвентари, уҳәа егьырҭ аныхтә материалқәеи раахәаразы иазоужьхеит.  

Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҿы иҟоу атомограф азы аренгентә шәыра аахәаразы иныхын 1 млн. мааҭ; ахшараиурҭа ҩны азы амедицинатә еиқәыршәагақәа раахәареи рышьақәыргылареи рзы - 7 млн. мааҭ инереиҳаны; аҳауаеихшаратә шьақәгылага  адиагностика (СФТИ) азы - 2,8 млн. мааҭ;  агаз афизика-химатә еилазаара шьақәзыргыло аппаратқәа рзы - 2,4 млн. мааҭ;  амедицинатә ҵыҵәри аахәара, аагара, аҿакра азы - 18,3 млн. мааҭ; Очамчыратәи араионтә хәышәтәырҭа аҿы ахәышәтәратә газқәа рыҭара асистема амонтаж азы  - 1 млн. мааҭ инарзынаԥшуа; арыԥҳақәа рыҩныҵҟа аҳауаеиҭарсра азы аппаратқәа (ИПВ) адиагностика азы -  900 нызықь мааҭ.

Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аҳәынҭқарратә Дача аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рынагӡареи Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара Аминистрра иатәу апрофильрацәа змоу амобилтә арратә хәышәтәырҭа ахьыргылаз апансионат «Аиҭар» аҿаԥхьа амашьынақәа рыргаларҭеи апансионат ахыбра аҩныҵҟа ауадақәеи реиҭашьақәыргылареи иақәхарџьхеит 28,5 млн. мааҭ.  Уи ахыхь ахарџьқәа Галтәи араионтә хәышәтәырҭа азы алаборатортә реагентқәеи аныхтә маҭәахәқәеи ахәшәқәеи, ахәышәтәырҭа аҩныҵҟа ауадақәа  иахәҭоу аинвентар ала аиқәыршәареи, иара убас Очамчыратәи асанитар-епидемиологиатә Маҵзура аҿы аргылара-еиқәыршәаратә усурақәа рымҩаԥгареи, ирласу амедицинатә цхыраара амашьынақәа хԥа раахәара, Гәдоуҭатәи  араионтә хәышәтәырҭа аҿы иҟоу атамограф аиҭашьақәыргылареи иахәҭоу аԥсахга маҭәахәқәа рыла аиқәыршәареи, иара убас Очамчыра ақалақь аҿы ПЦР-лабораториа аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгареи Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа аҿы агазтә система ашьақәыргылареи, уҳәа  ирыдҳәалахеит.   

«Ҳара ҳазегьы ҳамчи ҳахшыҩи еибыҭаны аепидемиа аҿагылара ҳалшеит. Акыр афинанстә цхыраара ҟазҵаз атәылуаа ари ачымазара хьанҭа аҿагылараҿы хәы змаӡам алагала ҟарҵеит.   Уи ҳҩызцәа, абизнесменцәа, абзиаҟаҵаҩцәа (амеценатцәа) роуп.  Ҷыдала иазгәасҭарц сҭахуп Аԥсны аҩыза ду Ҳазреҭ Меџьиҭ-иԥа Совмен илагала атәы», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Аҳасабырба аҿы иарбахеит апандемиа аан ачымазара злаҽыз ауаа рхыԥхьаӡара ааазырԥшуа астатистикагьы:

Ичмазаҩхеит - 57740-ҩык Аԥсны атәылауаа,

Ргәы бзиахеит – 57045-ҩык,

Рыԥсҭазаара иалҵит – 695-ҩык. 

Аԥсны акоронавирустә ҿкы чымазара иахҟьаны зыԥсҭазаара иалҵыз рзеиԥш хыԥхьаӡара процентла ишьҭыухуазар 1,3% рҟынӡа инаӡоит, убри аан Урыстәыла уи 2,1% рҟынӡа инаӡон, Ермантәыла – 2,0%, Азербаиџьан – 1,2%.

Агәабзиарахьчара асистема аҿиара аҳәаақәа ирҭагӡаны Гәдоуҭатәии Ҭҟәарчалтәии араионтә хәышәтәырҭа Хадақәа рҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥган. Ҭҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа иахәҭоу аиқәыршәагақәа зегьы рыла еиқәыршәоуп. Аҳәса рыхәышәтәырҭа аҿгьы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥгоуп. Иара убас еиҭашьақәыргылоуп абыргцәа Рыҩни ахәыҷтәы хәышәтәырҭеи.


Прочитано 1113 раз Последнее изменение 13.11.2022
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.