11-ноября-2022

АԤСНЫ АҴӘАХЫРҬАТӘ БАНК АБҴАРАМЗАЗЫ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АТӘАНЧАХӘҚӘА РШӘАРА АГРАФИК ШЬАҚӘНАРӶӘӶӘЕИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҵәахырҭатә Банк абҵарамза, 2022 шықәсазы Аԥсны инхо Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра змоу ауааԥсыра урыстәылатәи атәанчахәқәа рызшәаразы аграфик шьақәнарӷәӷәеит. Ианиз ашықәс инамаданы атәанчаҩцәа х-гәыԥкны еихшоуп. Атәанчаҩқәа ршәара иалагоит абҵарамза 16 инаркны.

  • Абҵарамза 16, 17,18, 21 рзы атәанчахәқәа рыҭахоит 1-тәи агәыԥ иаҵа
накуа (1950 шықәса рзы ииз уахь иналаҵаны) атәанчаҩцәа;
  • Абҵарамза 22,23, 24, 25 рзы - 2-тәи агәыԥ иаҵанакуа (1951 - 1956 шш. рзы ииз уахь иналаҵаны) атәанчаҩцәа атәанчахәқәа рызшәара иалагоит;
  • Абҵарамза 29 рзы 3- тәи агәыԥ иаҵанакуа (1957ш. рзы ииз уахь иналаҵаны) атәанчаҩцәа атәанчахәқәа рызшәара иалагоит;
  • Атәанчахәқәа рызшәара атәанчаҩы ашәҟәы дахьҭагалоуи фактла дахьынхоуи аҭыԥ иадҳәаламкәа Аԥсны Аҵәахырҭатә Банк аҟәшақәа зегьы рҿы имҩаԥыслоит.


    Прочитано 3020 раз Последнее изменение 12.11.2022
    Image
    Image
    Image
    Image
    Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
    Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.