11-ноября-2022

«АБЗИАРА ИАЗКУ АХӘААХӘҬРАТӘ ЦӘЫРГАҚӘҴА» МҨАԤЫРГЕИТ АҞӘАТӘИ АШКОЛ «АЛАШАРА» АҾЫ.

Аҟәа. Абҵарамза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи ахазхатәы школ «Алашара» аҿы есышықәса еиҿкаахо «Абзиара иазку ахәаахәҭратә цәыргақәаҵа" мҩаԥысит.

Ашкол ахыбра аҿаԥхьа, адәаҿы астолқәа дыргылеит, урҭ шәҭылеи иаҵәаралеи, иара убас еиуеиԥшым аԥшшәқәа змоу анкьапышҭақәеи  рыла идырхиеит. Астолқәа рҿы иқәдыргылеит еиуеиԥшым атәылақәа рмилаҭтә чыс хкқәа, уи аиҳарак ачалыхқәеи ахаачысқәеи ракәын. Амилаҭтә костиумқәа зшәыз ахәыҷқәа асасцәа ачысхкқәа ргьамақәа рбара ахь ааԥхьара рырҭон.

Еиуеиԥшым атәылақәа ирызкыз астолцыԥхьаӡа ааигәара ахәыҷқәа рнапала иҟаҵоу аплакатқәа, ус иуҳәар ауазар, атәыла атрадициатә фатәқәеи аҭыԥ ԥшӡарақәеи, иара убас аҳәынҭқарратә символикеи афотосахьақәеи зну аинформациатә банерқәа кнаҳан.

Аныҳәатә гәалаказара шьҭахуан араҟа иқәыҩуаз амузыка абжьы. Ауаҩы игәы зырхыцхыца акәашарақәа рыдагьы иаанымхеит ари хра злоу аусмҩаԥгатә.

Аусмҩаԥгатә ихы алаирхәит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа. Уи ашкол аҵаҩцәа рнапала иҟарҵаз ахаачысқәа ааихәеит.

«Акырӡа аҵанакуеит шәара ахәыҷқәа ихәыҷы аахыс абзиара аҟаҵареи ирзааигәоу рыцхыраареи агәцаракра аарԥшреи ахьрылашәааӡо. Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит ари хра злоу аус азы», - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.  

Ахәаахәҭратә цәыргақәҵа аҿы ирҳаз аԥаратә хархәагақәа зегьы абҵарамза 4 рзы иҟалаз абылра иахҟьаны зыҩны ааха ӷәӷәа зауз ахәыҷырацәа змоу Амҷаа рҭаацәа ацхырааратә лагала аҳасабала  ирыҭахоит.

 

 


Прочитано 1261 раз Последнее изменение 12.11.2022
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.