11-ноября-2022

АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АМИРАН АДЛЕИБА ИУСУМҬАҚӘА РЦӘЫРГАҚӘА МҨАԤЫСРАНЫ ИҞОУП.

Аҟәа. Абҵарамза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны жәлар рсахьаҭыхҩы, аскульптор, аҿыханҵаҩ, А. Шервашиӡе Чачба ихьӡ зху Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа адиректор Амиран Адлеиба хаҭалатәи иусумҭақәа рцәыргақәҵа Аԥсны асахьаҭыхҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә Зал Хада аҿыабҵарамза   14 рзы  иаатуеит.  

Хаҭалатәи ацәыргақәҵа асахьаҭыхыҩ ииубилеи инамаданы еиҿкаау аекспозициа  иалоуп автор еиуеиԥшым ашықәсқәа раан иаԥиҵахоу аҿыханҵеи аскульптурақәеи.

Ацәыргақәҵа аус аулоит абҵарамза 19 аҟынӡа.

Амиран Адлеиба ирҿиаратә усура иазикит 35 шықәса инареиҳаны. Нанҳәамза, 2022 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҭижьыз Аусԥҟа инақәыршәаны,  Амиран Адлеиба «Аԥсны жәлар рсахьаҭыхҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ианашьахеит.


Прочитано 1025 раз
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.