Аҟәа. Хәажәкырамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа аҽыԥхьакрахь диасырц иӡбеит аҩаша, хәажәкырамза 14 рзы, игәамбзиара иахҟьаны. COVID-19 антиген азы Аҳәынҭқарра Ахада имҩаԥигаз експресс-тест иҵоуроу алҵшәа аанарԥшит.

Иара убас аҿкы аҟазаара ашьақәырӷәӷәаразы имҩаԥган акороновирустә ҿкы чымазара аҟазааразы алабораториатә ПЦР-тест. Ҳазҭагылоу аамҭазы алҵшәақәа рааира иазыԥшуп.

Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу астратегиатә ҭҵаарақәа Рцентр ахаша, хәажәкырмза 15 рзы  И. Папасқьыр ихьӡ зху  Амилаҭтә библиотека аҿы, ареспублика аҿы ишьақәгылаз адемографиатә ҭагылазаашьа иазкны астол гьежь мҩаԥнагеит.

Астратегиатә ҭҵаарақәа Рцентр адиректор, афилологиатә наукақәа рдоктор Виачеслав Чыркба инапхгара имҩаԥысуаз аилацәажәара иалахәын атәыла агәабзиарахьчара аминистр ахаҭарнак  Беслан Кациа, Ареспубликатә хәышәтәырҭа ахшараиуратә ҟәша аиҳабы Белла Ԥлиа, арепатриациа азы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа, Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ заместитель Едуард Гамсаниа, ААУ абиологиа-географиатә факультет адекан ихаҭыԥуаҩ, агеогрфиатә наукақәа ркандидат Нури Багаԥшь, аполитолог Наҭелла Акаба, астратегиатә ҭҵаарақәа Рцентр абызшәатә политика аҟәша аусзуҩ Асҭанда Ҳашба.

Алагалатә ажәахә аҟаҵо Виачеслав Чыркба, Қырҭтәыла аганахьала потенциалла арратә шәарҭара ашьҭахь зегьы иреиҳау проблеманы иҟоуп ҳәа иуҳәаратәы иҟоуп адемографиатә проблема ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

«Аибашьра ахҟьаԥҟьақәа инарымаданы ишьақәгылаз хра злам атенденциақәеи, иара убас акоронавирустә ҿкы чымазара апандемиаеи ирыхҟьаны, ҳтәыла аҿы акыр иуадаҩу адемографиатә период шьақәгылеит.   Зыԥсҭазаара иалҵыз ауааԥсыра рхыԥхьаӡара ииаз  рхыԥхьаӡара аасҭа акыр аиҳахара иадҳәалахаз аҭагылазаашьа арҽеира азы ихымԥадатәиуп аира азҳареи аҳәаанырцә иҟоу ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәреи алыршара. Уи ишиашоу иадҳәалоуп аԥсуа милаҭтә етноси иааизакны иара аҳәынҭқарреи реиқәырхара», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.  

Аҟәа. Хәажәкырамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны атуризм Аминистрра аҿы «Атуризм азы» азакәан апроект ҿыц аус адулара иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит. Аилатәара рхы аладырхәит ахылаԥшырҭа аусзуҩцәеи ааԥхьара зауз азиндырыҩцәеи.

Атуризм аминистр Ҭеимураз Хишба, атәыла аҿы ҳаамҭазтәи ареалиақәа зныԥшуа азакәан ҿыц адкылара аҭахны иҟоуижьҭеи  акрааҵуеит ҳәа иазгәеиҭеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 7, асааҭ 17:00 рзы ацәыргақәҵатә зал Хада аҟны иаатуеит Аԥсны аҳәса-асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа «Аԥҳәыси аҟазареи. Аҭоурыхи иахьатәи аамҭеи». Ацәыргақәҵа Жәларбжьаратәи аҳәса рымш-Хәажәкыра  8 иазхоит.

Ацәыргақәҵа аҿы ицәыргақәҵахоит еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы иаԥҵаз аҿыханҵақәа, аграфика, адекоратив-напкымҭатә ҟазара, уҳәа аекспозициақәа маҷымкәа.

Ацәыргақәҵаҿы аҭааҩцәа ахәаԥшразы ирыдгалахоит Марина Ешба, Варвара Бубнова, Ольга Брендель, Валентина Хәырхәмал, Зоиа Аџьынџьал, Венера Гагәылиа, Лиудмила Будиак, Мактина Ҵәыџьба,  Диана Хьынҭәба, Аԥшьи Ҳагба,  Асҭанда Адлеиба, Мариа Ԥлиа, уҳәа убас егьырҭгьы русумҭақәа.  

Аҟәа. Жәабранмза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Станислав Лакоба ииубилеи идиныҳәалеит.

Адныҳәаларатә шәҟы аҟны, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

Ҳаҭыр зқәу Станислав Зосим-иԥа!

Аԥсны Жәлар Реизара- Апарламент ахьӡала, хаҭала сара сыхьӡала ишәыдысныҳәалоит Шәира амш, акрызҵазкуа 70 шықәса шәхыҵра арыцхә!

Шәара – атәылауаҩратә позициа змоу, апатриот иаша, зус ламысла иазыҟоу, аҳәынҭқарра аинтересқәа рыхьчара зылшо ауаҩы, ҳтәылаҟны ҳаҭыр змоу аполитикцәа шәыруаӡәкуп,     иналукааша ауаажәларратә, аполитикатә усзуҩык иаҳасабала зегьы шәырдыруеит. 

Шәара ишәҟазшьоу ахара ахәыцра, апрофессионализм, ауаажәларратәи аполитикатәи усураҟны ахаангьы ахықәкынагӡара иашьҭоу аӡә иаҳасабала аҳаҭыр шәаԥсаны шәҟалеит Аԥснеиԥш, уи анҭыҵгьы.

Аҟәа. Жәабранмза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҵара аминистр ихаҭаԥуаҩ Ада Кәарҷелиеи ахәыҷы изинқәа рыхьчара азы азинмчы змоу Мактина Џьынџьали аҟәатәи абжьаратәи ашкол  №1 аҿы арҵаҩратә еилазаареи аҭаацәатә комитетқәеи рзы 5-11-тәи аклассқәа ирызкны акласстә сааҭқәа «Ашәарҭара зҵоу ахәмаррақәа», иара убас арҵаҩцәеи ахәыҷқәа рҭаацәеи рзы «Ахәыҷқәа ишәарҭоу аонлаин-ахәмаррақәа рацәыхьчаразы иҟаҵатәузеи» ҳәа атема ала агәаларшәагақәа рӡыргара мҩаԥыргеит. Абри азы адырра ҟаҵоуп Аԥсны аҵара Аминистрра Феисбук аҟны иҟоу адаҟьа аҿы.

«Ҳаамҭазтәи аинформациатә технологиақәа ауаажәларра рзы хәарҭара аланы иҟалеит. Аха иара убри аамҭазы уи иаҵаҵәахуп иаизакны ауаажәларра рзы, ахәҭакахьала ахәыҷқәа рзы ашәарҭара ду зцу адеструктивтә цәырҵрақәа маҷымкәа. Ҳара ҳхәыҷқәа рзы аинтернет-ҵакыра иацу ашәарҭарақәа зегьы ртәы ҳдыруазар ахәҭоуп, хымԥада. Аҵара Аминистрреи ахәыҷы изинқәа рыхьчара азы азинмчы змоу Аусбарҭа Аппарати  рымчи рыхшыҩи еилаҵаны ахәыҷқәа ашәарҭара зҵоу онлаин-хәмаррақәа ралагалара аԥхьырҟәҟәаареи агәҽанызаареи иазырхоу акласстә сааҭқәа рыпрограмма еиқәдыршәеит», – ҳәа илҳәеит Ада Кәарҷелиа.

Ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Мактина Џьынџьал лажәақәа рыла, акласстә сааҭқәа «Ашәарҭара зҵоу ахәмаррақәа» рыпрограммеи, иара убас «Ахәыҷқәа ишәарҭоу онлаин–хәмаррақәа рацәыхьчаразы иҟаҵатәузеи» ҳәа атема ала агәаларшәагақәеи раԥҵара Аԥсны аҵыхәтәантәи аамҭазы  аҭыԥ зауз ахәыҷқәа рҭахара зыхҟьаз, урҭ аҽашьраҟынӡа рнагара ауп ҳәа иҟоу агәҩара ақәҿыҭра аҳасабала иҟалеит.

Аҟәа. Жәабранмза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  2023 шықәса,   ажьырныҳәамза азы ареспубликатә биуџьеҭ иалагалахаз ашәахтә шәатәқәа реицҵалыҵ 247,2 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Убри аан аплан ала ишьақәырӷәӷәаӷәан 185,8 млн. мааҭ., - ҳәа адырра ҟанаҵоит ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра аофициалтә саит. Азԥхьагәаҭатә рбагақәа рынагӡара 133% рҟынӡа инаӡеит. Фактла иалагалахаз ашәатәқәеи планла иазԥхьагәаҭаз ашәатәқәеи реицҵалыҵтә еиԥшымзаара – 61,4 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. 2022 шықәсазы аиԥш зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, алагалара адинамика 135% рҟынӡа инаӡеит, уи аицҵалыҵ ааизакны – 63,8 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

2023 шықәса ажьырныҳәамза иалагӡаны ашәахтә шәатәқәа ралагалара араионқәа рыла абас иҟоуп:

Аҟәа ақалақь ала – 102,3 млн. мааҭ  рыла ишьақәыргылоу аплан ала иалагалахеит 128,3 млн. мааҭ, мамзаргьы даҽакала иуҳәозар –125% рҟынӡа инаӡоит.

Аҟәа. Жәабранмза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ироуз аоперативтә информациа ала Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аконтрбати аҳазылхратә цәгьоурақәеи рыԥхьырҟәҟәаара азы аҟәша аусзуҩцәеи аҳазылхратә усбарҭа   «Гал» аконтрбати аҳазылхратә цәгьоурақәеи рыԥхьырҟәҟәаара азы аҟәша аусзуҩцәеи, ажьырныҳәамза 31, 2023 шықәсазы Гал араион Хьацҳа ақыҭан уаҩ дызхым аҩны аҿы агәаҭара анымҩаԥыргоз ирыԥшааит 36900 цыра рҟынӡа инаӡоз акцизтә дыргақәа змамыз аҭаҭын аалыҵ.

Аҟәа. Жәабранмза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» адиректор хада инапынҵақәа рынагӡаҩыс дҟаҵоуп аихшаратә каҭақәа рзы адиректор хада ихаҭыԥуаҩ Рамин Зингишвили.

Зураб Багаԥшь Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» адиректор хада инапыҵақәа рынагӡаҩ имаҵураҭыԥ аҟынтәи ихы дақәиҭтәуп хатәгәаԥхарала иалеиҵаз арзаҳал ала.

Аҟәа. Жәабранмза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламент аҟны имҩаԥысит аҳәынҭқарра-зинтә политика иазку Аԥсны жәлар Реизара – Апарламент Аилак инарҭбаау аилатәара. Уи мҩаԥигеит Аилак ахантәаҩы Дауҭ Хәытаба.

Аилак иацнаҵеит 2022 шықәса ԥхынгәымза 27 рзы актәи аԥхьараан ирыдыркылаз «Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵаратә актқәак аԥсахрақәа ралагаларазы» Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан апроект аус адулара. 

Аилак аилатәара иалахәын Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, адепутатцәа, Апарламент аҟны Аԥсны Ахада ихаҭарнак, аиустициа аминистр   Анри Барцыц, Аԥсны Аҳәынҭқарра Апрокурор хада актәи ихаҭыԥуаҩ Дамир Кәыҵниа, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа, адукатцәа р-Палата ахантәаҩы Котико Чагәаа, егьырҭ адукаттә уаажәларра ахаҭарнакцәа.

«Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵаратә актқәак аԥсахрақәа ралагаларазы» Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан апроект азырхиоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра ашьаустә закәанԥҵара анормақәа реиӷьтәреи лыҵшәа рыманы Аԥсны Аҳәынҭқарра ашьаус-процессуалтә нормақәа рхархәареи хықәкыс иҟаҵаны.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷқәа рахь ирыдгалаз аԥсахрақәа рыдҳәалоуп ауаа рылахәаахәҭра; аинформациа-телекоммуникациатә каҭақәа рхархәарала, Аинтернет» акаҭагьы уахь иналаҵаны, иаартны ацәахыхра; амаҵурауаа ҳәа иазхаҵоу ахаҿқәа реиқәыԥхьаӡа арҭбаара.

Аҟәа. Жәабранмза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Баграт Шьынқәба ихьӡ зху аԥсуа бызшәа аҿиаразы агәыҳалалратә Фонд аҳасабырбатә пресс-конференциа мҩаԥнагеит. Араҟа Афонд анапхгаҩи уи аусзуҩцәеи инагӡаз апроектқәеи иахьа Афонд аҿы аус здыруло апроектқәеи, иара убас ааигәа иазԥхьагәаҭоу ауснагӡатәқәеи ртәы инарҭбааны иалацәажәеит.

Апресс-конференциа аартуа, Баграт Шьынқәба ихьӡ зху агәыҳалалратә фонд адиректор Леуан Миқаа афонд ахықәкы хада – аԥсуа бызшәа аҿиара ауп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

«Ҳара ҳфонд атәыла аҿы амилаҭтә бызшәа аҿиара азы еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла шықәсык акәым аус ауеижьҭеи.  Ари зегьы иаҳзеиԥшу проблемоуп, уи аӡбараҿы хымԥада адгылареи ацхыраареи ҳҭахуп», - ҳәа иҳәеит Леуан Миқаа.

Афонд аусзуҩ Леуан Лагәлаа Афонд аҿы аус здыруало апроектқәа инарҭбаны дрылацәажәеит.

Актәи апрект – ари «Аԥсшәа бзиа избоит сара» ҳәа хыс измоу ашколнӡатәи ақәра иаҵанакуа ахәыҷқәа рзы аԥсуа бызшәа аҵара аметодика ауп.   Леуан Лагәлаа иажәақәа рыла, иарбоу аметодика Аԥсны иахьаҵанакуа аус зуа хазхаҭалатәи ахәыҷтәы ҵараиурҭақәа рҿы аԥышәатә гәаҭара иахысит. Иазгәаҭатәуп, уи хра злоу алҵшәақәагьы шаанарԥшыз.

«Аметодика Аԥсны аҵара Аминистрреи Аҟәа ақалақь аҵара аҟәшеи рҿы ақәыршаҳаҭра аиуит.  Уажәы уи атәыла ашколнӡатәи аҵараиурҭақәа рҿы аларҵәара ауп иаанханы иҟоу.  Ҳара хәыда-ԥсада аҵараиурҭақәа зегьы аметодика рызнаҳгеит», - ҳәа иҳәеит иара.

Аҩбатәи апроект – ари афильмқәа аԥсышәала рдублиаж аҟаҵара ауп. Афонди Аинтернет-проваидер «Системеи» аиқәшаҳаҭра рыбжьоуп. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны мызкы иалагӡаны аԥышәатә режим ала афильмқәа аԥсуа бызшәала абжьы рхаҵара мҩаԥгахоит.  

Аҟәа. Жәабранмза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Жәабранмза 1 азы Аԥсны Жәлар рартист, Д.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, «Ахьӡ-Аԥша» аорден  II аҩаӡара занашьоу, акомпозитор, аетнограф, Аԥсны зҽаԥсазтәыз жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи рзы Аҳәынҭқарратә ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы Уасил Михаил-иԥа Царгәыш (01.02. 1938 -  28.01.2021) иԥсы ҭазҭгьы ихыҵуан 85 шықәса.

«Уасил Михаил-иԥа Царгәыш ахортәи акамер-вокалтә рҿиамҭақәеи акинофильмқәеи атеатралтә қәыргыларақәеи рзы амузыкеи дравторуп. Ирҿиамҭақәа рҿы иара илиршеит ҳажәлар рҭоурых – уи аҷыдаҟазшьа, амч, аидеиақәа, ахәыцрақәа зеиӷьаҟам ала раарԥшра. Уасил Михаил-иԥа аконтатақәа «Х-ҩык афырхацәа рзы» «Иҭахаз ргәалашәара азы», «Аԥсны Ан» рзы ианашьан Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат ҳәа аҳаҭыртә хьӡы.

50 шықәса инареиҳаны Уасил Михаил-иԥа  аԥсуа ҟазара аӡыргара иазкыз Аԥсны зҽаԥсазтәыз жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи рзы Аҳәынҭқарратә ансамбль напхгара аиҭон.  Уасил Михаил-иԥа инапхгара ашықәсқәа ирылагӡаны ансамбль жәларбжьаратәи ахьӡ-аԥша арҳаит, Аԥсны еиԥш уи анҭыҵгьы еицырдыруа иҟалеит, аконцертқәа рыла иаҭааит аҳәаанырцәтәи атәылақәа  жәпакы: Европа атәылақәа, Африка, Аладатәи Америка, уҳәа убас ирацәаны., агастрольқәа рыла изныкымкәа Ҭырқәтәыла иаҭаахьан.

Уасил Царгәыш иналукааша абаҩхатәреи азанааҭдырреи злаз уаҩын. Уи зеиӷьаҟам ала илиршон Аԥсны амузыкатә ҭынхеи иреиӷьу акәашаратә традициақәеи рпапулиаризациа. Иусура ҭакԥхықәрала азнеишьа иабзоураны апрофессионалтә ҩаӡара аҿы ашәаҳәаҩцәеи акәашаҩцәеи рабиԥарақәа реиҵааӡара илиршеит»,  –  ҳәа иазгәаҭоуп Аԥсны акультура Аминистрра апресс-маҵзура аацҳамҭа аҿы.

Страница 1 из 11
РГУ "АПСНЫМЕДИА" Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" © 2023 Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info. При полной или частичной перепечатке текстовых материалов в интернете гиперссылка на www.apsnypress.info обязательна.