«Ҳара ҳаҭыр дула иаҳгәалаҳаршәоит Аԥсадгьыл ахьчараҟны афырхаҵареи ахамеигӡареи аазырԥшыз афырхацәа. Урҭ рфырхаҵара наунагӡа аԥсҭазаараҟны имҩақәызҵо акәны иаанхоит», — иҳәеит А. Гаглоев. Уи иазгәеиҭеит аибашьра ашықәсқәа раан «милаҭрацәала еилоу асоветтә жәлар еицакра зқәым рфырхаҵара» аԥхьаҟатәи абиԥарақәа рзы ҿырԥшыганы ишыҟоу.
Адныҳәалараҟны ҷыдала хшыҩзышьҭра аҭоуп Алада Уаԥстәылеи Аԥсни реизыҟазаашьақәа. А. Гаглоев Гәынба Бадра изеиӷьеишьеит «агәабзиара, агәамч, аихьӡара ҿыцқәа», ареспублика аизҳазыӷьара иазку игәҭакқәа рыҟны ақәҿиарақәа, Аԥсны жәлар ирзеиӷьеишьеит — «аҭынчреи ахирреи».