Items filtered by date: Аҩаша, 26 Абҵара 2024
Круглый стол «Конституция Республики Абхазия 1994 года: история, современность, перспективы» проходит в Парламенте
Сухум. 26 ноября 2024. Апсныпресс. Круглый стол «Конституция Республики Абхазия 1994 года: история, современность, перспективы», посвященный 30-летию ее принятия, проходит в Парламенте.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа 30 шықәса ахыҵит.
Аҟәа. Абҵарамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 26 – Аԥсны Аконституциа Амш ауп.
30 шықәса раԥхьа, 1994 шықәса, абҵара 26 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет аилатәара 12-тәи ааԥхьара иаднакылеит, 1999 шықәса жьҭаарамза 3 рзы жәларзегьтәи бжьыҭиирала иақәшаҳаҭхеит, 1999 шықәса жьҭаарамза 3 рзы жәларзегьтәи абжьыҭиира (ареферендум) аан ирыдыркылаз аԥсахра алагаланы. «Ҳарҭ, Аԥсныжәлар, ҳхатәҳәаақәҵаратә зин аԥсҭазаара иаларҵәо, жәлары зегьы рзы насыԥла аԥсҭазаареи аҩнуҵҟатә гәҭынчреи ҳарзықәԥо, ауаҩытәыҩса изинқәеи, ихақәиҭрақәеи, ауаажәларратә ҳәоуеиқәшәареи шьақәырӷәӷәо, гәеизҳарала ирылаҳҳәоит, егьышьақәҳаргылоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа», - абас иаҳәоит Аконституциа алагамҭа аҿы.
1994 шықәсазы ирыдыркылаз Ареспублика Аԥсны Аконституциа аформеи аҵаки рыла Аԥсны асовет аамҭазы ирыдыркылоз аконституциатәә актқәа акыр иреиԥшымхеит. Уаҟа иаарԥшхеит аконституциатә зин аҿиара адунеизегьтәи атенденциақәа. Аконституциа адемократиатәии азинтәи аҳәынҭқарра апринципқәеи аҵакы хадақәеи аныԥшуеит.
Ихадоу азакәан быжь-хык рыла иҟоу апреамбала ала ишьақәгылоуп:
- Аконституциатә шьақәгылара ашьаҭақәа;
- Ауаҩи атәылауаҩи изинқәеи ихақәиҭреи;
- Азакәанԥҵаратә мчра;
- Анагӡаратә мчра;
- Аӡбаратә мчреи апрокуратуреи;
- Аҭыԥантәи ахаланапхгара;
- Аконституциатә еиҭакрақәеи Ареспублика Аԥсны Аконституциа аиҭахәаԥшра аԥҟарақәеи.
Абҵарамза 26 Аԥсны аныҳәамшны иԥхьаӡоуп. 30 шықәса ирылагӡаны атәыла ихадоу азакәан аиҭакрақәак алагалан – жьҭаарамза 3, 1999 ш., мшаԥымза 30, 2014 ш., жәабранмза 3, 2016 ш., хәажәкырамза 29, 2016 ш.
Жьҭаарамза 3, 1999 шықәсазы имҩаԥгаз ареферендума аан аӡбаҩцәа рҽымԥсахра азы аԥҟара алган. Убри аамҭа инаркны аӡбаҩцәа хәы-шықәса аҽҳәара рыманы иалырхуа иалагеит.
Мшаԥымза 30, 2014 ш. Аҳәынҭқарра Ахада Алеқсандр Анқәаб ареспублика аӡбаратә система аҿиара иҿыцу ахырхарҭа азҭаз «Аӡбаратә мчреи Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа аиҭахәаԥшразы иҿыцу аԥҟарақәа рзы» «Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа аиҭакрақәа ралагалара азы» Аконституциатә закәан инапы аҵаиҩит. Атәыла иаку аӡбаратә система иалагалаз Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбарҭа аԥҵан. Аиҭакра алагалан иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа азинмчқәагьы, аӡбаҩцәа рзинмчы аҽҳәара иацҵахеит (5 шықәса инаркны 10 шықәса рҟынӡа), ақәратә ценз иацҵан (27 шықәсантәи 30 шықәсанӡа – актәи аинстанциа аӡбаҩцәа рзы, 35 шықәса рҟынӡа – Иреиҳаӡоу аӡбарҭеи Абжьаҟазаратә ӡбарҭеи рыӡбаҩцәа рзы), иара убас Иреиҳаӡоу аӡбарҭеи Абжьаҟазаратә ӡбарҭеи рыӡбаҩцәа рзы аусура аџьашықәс – 5 шықәса рҟынтәи 10 шықәса рҟынӡа иацҵахеит.