Items filtered by date: Ахаша, 10 Лаҵара 2023

Сухум. 10 мая 2023. Апсныпресс. 10 мая международный   эксперт Стоян Врачев провел  мастер-класс по изготовлению брынзы для студентов-технологов агро-инженерного факультета Абхазского госуниверситета.

Проведение мастер-класса стало возможным при     поддержке проектного офиса Продовольственной и сельскохозяйственной организации (ФАО) ООН в Сухуме. Незадолго до этого проектный офис ФАО передал в дар факультету оборудование, включая стол и сыроварню для производства сыра.

Икьыԥхьуп Новости

Аҟәа. Лаҵарамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Лаҵарамза 12 инаркны 17 аҟынӡа Аԥсны араионқәа хәба рҿы ақыҭатә территориақәа рыҿиара азы апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаареи Европатәи атәылақәа Реидгылеи Гагра, Гәдоуҭа, Очамчыра, Ҭҟәарчал, Гал араионқәа рҟынтәи аԥшьгаратә гәыԥқәа иаадырԥшыз адгыларалеи еиҿкаахо  аспорт-арлахҿыхратә усмҩаԥгатәқәа  мҩаԥыслоит.

Гагра араион аҿы (лаҵарамза 12 азы), Гәдоуҭа араион аҿы (лаҵарамза 13 азы), Гал араион аҿы (лаҵрамза 15 азы), Ҭҟәарчала араион аҿы лаҵарамза (16 азы), иара убас Очамчырара араион аҿы (лаҵрамза 17азы) раионцыԥхьаӡа иалкааз ф-ҩык рыла еилоу акомандақәа хәба рыбжьара алԥшааратә етапқәа мҩаԥысуеит. Аспорт-арлахҿыхратә усмҩаԥгатәқәа раионцыԥхьаӡа ақалақьтә стадионқәа рҿы имҩаԥыслоит. Алахәылацәеи асасцәеи аестафетатә еицлабрақәа, амузыка, анимациатә шоу, иара убас ачеиџьыка агьма абара рзыԥшуп. Аусмҩаԥгатә алагалара аамҭа асааҭ 10:00 рзы.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Лаҵарамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.   Имҩаԥгаз ареидтәи апрофилактикатәи аусмҩаԥгатәқәа ирылҵшәаны, иҳаҩсыз амчыбжьи аныҳәатә мшқәеи рзы аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аҳәынҭқарратә автоинспекциа аусзуҩцәа 2530 амҩатә ԥҟарақәа реилагара иадҳәалоу азинеилагарақәа аадырԥшит.  Урҭ рахьынтә 88 – автомашьынақәа рсаркьақәа рыԥшшәахәыркра  анормақәа ирыдҳәалоуп.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Лаҵарамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Лаҵарамза 10- 30 аҟынӡа Аԥсны Арбџьармчқәа рҿы атәылахьчара аминистр инапхгарала Арбџьармчқәа арратә хәҭақәа ркомандаҟаҵаҩцәеи урҭ рхаҭыԥаҩцәеи алархәны аоперативтә еизгарақәа мҩаԥысуеит.   

«Аоперативтә еизгара ахықәкы хаданы иҟоуп ҳаамҭазтәи аперспективатәии арратә ҭагылазаашьақәа рзы акомандаҟаҵаратә еилазаара азанааҭ-маҵзуратә зыҟаҵара аҩаӡара ашьҭыхра.  Азыҟаҵаратә усмҩаԥгатәқәа рышьаҭаҿы иазԥхьагәаҭаны иҟоуп оперативла ихадоу Аԥсны араионқәа рҿы есымша зҽазаԥсахуа аоперативтә ҭагылазаашьа аҿы аԥышәатәи агәыԥтәии аҽаршьцыларақәа рымҩаԥгара»,  –  ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла арратә хылаԥшырҭа апресс-маҵзура.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Лаҵарамза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша УА Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аделегациа идикылеитИахьа Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша УА Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, УА Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Алеишәатә коллегиа ахантәаҩы Сергеи Рудакови аӡбаҩцәа Рхеилак Ахантәаҩы, Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апленум, УА Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩцәа р-Маӡаныҟәгаҩ Виктор Момотови дырԥылеит.

Аԥсуа ган аҟнытә аделегациа аиԥылара иалахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ахантәаҩы, Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Аршба, адепутат Алхас Ҳагба,  Апарламент Аппарат анапхгаҩы Вадим Бжьаниа.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.