АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Лаҵара.2023

Лаҵарамза 12 инаркны 17 аҟынӡа Аԥсны араионқәа рҿы аспорт-арлахҿыхратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥыслоит.

Аҟәа. Лаҵарамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Лаҵарамза 12 инаркны 17 аҟынӡа Аԥсны араионқәа хәба рҿы ақыҭатә территориақәа рыҿиара азы апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаареи Европатәи атәылақәа Реидгылеи Гагра, Гәдоуҭа, Очамчыра, Ҭҟәарчал, Гал араионқәа рҟынтәи аԥшьгаратә гәыԥқәа иаадырԥшыз адгыларалеи еиҿкаахо  аспорт-арлахҿыхратә усмҩаԥгатәқәа  мҩаԥыслоит.

Гагра араион аҿы (лаҵарамза 12 азы), Гәдоуҭа араион аҿы (лаҵарамза 13 азы), Гал араион аҿы (лаҵрамза 15 азы), Ҭҟәарчала араион аҿы лаҵарамза (16 азы), иара убас Очамчырара араион аҿы (лаҵрамза 17азы) раионцыԥхьаӡа иалкааз ф-ҩык рыла еилоу акомандақәа хәба рыбжьара алԥшааратә етапқәа мҩаԥысуеит. Аспорт-арлахҿыхратә усмҩаԥгатәқәа раионцыԥхьаӡа ақалақьтә стадионқәа рҿы имҩаԥыслоит. Алахәылацәеи асасцәеи аестафетатә еицлабрақәа, амузыка, анимациатә шоу, иара убас ачеиџьыка агьма абара рзыԥшуп. Аусмҩаԥгатә алагалара аамҭа асааҭ 10:00 рзы.

Ареспублика хә-раионк рҟынтәи аиааира згаз акомандақәа рыбжьара аихшьаалатә еицлабрақәа мҩаԥысуеит рашәарамза  1-2 рзы Ҭҟәарчал ақалақь аҿы.  


Read 145 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.