Items filtered by date: Асабша, 05 Абҵара 2022

Аҟәа. Абҵарамза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. А.С.Пушкин ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №2 аҿы имҩаԥысит алагарҭатә классқәа рырҵаҩцәа рзы асеминар. Асеминар атема: «Аҟыбаҩ бзиа злоу ахәыҷқәа аус рыдулара», ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳҭнықалақь Ахадара аҵара Аусбарҭа. Асеминар мҩаԥылгеит алагарҭатә классқәа рырҵаҩы  И. Адлеиба.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Абҵарамза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша аусеилыргаанӡатәи аусбарҭа, абҵарамза 1 азы Гәдоуҭа араион Бармышь ақыҭан иҟалаз амҩатә машәыртә хҭыс инамаданы аусеилыргаанӡатәи агәаҭарақәа мҩаԥнагоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит.

Заанаҵтәи адыррақәа рыла, амикроавтобус «Mercedes-Benz 210D» (аҳәынҭқарратә номертә дырга К210ХК)  аԥсҟы зкыз, 1991 шықәса рзы ииз  Ашәба Аслан Андрон-иԥа, амашьына арныҟәцара азы аршаҳаҭга имаӡамкәа амашьына аԥсҟы икын. Уи Гагра ақалақь аҟынтәи Аҟәаҟа ихы рханы дшаауаз, 14:00 сааҭ инарзынаԥшуа, ареспубликатә мҩаду «Ԥсоу-Егры» 50-тәи акилометр аҿы адырга инеиужьу ацәаҳәа дахысны иаԥхьа инеиуаз, убри аамҭазы Оҭҳара ақыҭа аганахьала аихаҵәира иаҿыз автомашьына  «Nissan» даахеит. Иҟалаз амашьынақәа реиҿасра иахҟьаны амашьынарныҟәцаҩ  Аслан Ашәба, амашьына изнымкылакәа амҩа аҿықә ахь даршәит, анаҩс уи ажра иҭаҳаит. Иҟалаз амҩатә машәыртә хҭыс иахҟьаны ҩыџьа апассаџьырцәа еиуеиԥшым ахәахәа-чахәарақәа рыманы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь инаган. Урҭ иахәҭоу раԥхьатәи амедицинатә цхыраара анрыҭаха ашьҭахь доусы рыҩныҟақәа рахь иоужьҭын.   

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Сухум. 5 ноября 2022. Апсныпресс.  Орган предварительного следствия ОВД по Гудаутскому району проводит доследственную  проверка по факту ДТП, произошедшего 1 ноября в  с. Бармыш Гудаутского района, сообщается на сайте МВД. 

Икьыԥхьуп Новости

Аҟәа. Абҵарамза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпреесс.  

Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент III ааԥхьара адепутат Важа Зарандиа ииубилеи идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:́

«Ҳаҭыр зқәу Важа Илларион-иԥа!

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Шәира амш! 

90-шықәса шәхыҵра иазку аиубилеи акрызҵазкуа хҭысуп Шәара шәколлегацәеи, шәҩызцәеи, ишәзааигәоу шәҭынхацәеи рзы.

Шәара еицырдыруа ҳтәыла аҳәынҭқарратәи ауаажәларра-политикатәи усзуҩцәа рыгәҭа шәгылоуп.

Шәыԥсҭазаара аӷьырак Аԥсадгьыл амаҵ аура иазышәкит. Уи Аԥсны иахьатәи аҭоурых иадҳәалоу акрызҵазкуа ахҭысқәеи аихьӡарақәеи рыла ишьақәгылоуп.

Шәара акомҿартә, апартиатә усураҟны, аҳәынҭқарратә маҵзурақәа рыҟны аԥышәа ду шәоуит. Шәнапы злакыз анапхгаратә маҵзурақәа зегьы рыҟны аарпшра шәылшеит ишәымоу аиҿкааратә ҟыбаҩ, хамеигӡарада аусура, аҭакԥхықәра.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.