АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Абҵара.2022

ЛАША АШӘБА АԤСНЫ ЖӘЛАР РЕИЗАРА-АПАРЛАМЕНТ III ААԤХЬАРА АДЕПУТАТ ВАЖА ЗАРАНДИА ИИУБИЛЕИ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпреесс.  

Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент III ааԥхьара адепутат Важа Зарандиа ииубилеи идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:́

«Ҳаҭыр зқәу Важа Илларион-иԥа!

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Шәира амш! 

90-шықәса шәхыҵра иазку аиубилеи акрызҵазкуа хҭысуп Шәара шәколлегацәеи, шәҩызцәеи, ишәзааигәоу шәҭынхацәеи рзы.

Шәара еицырдыруа ҳтәыла аҳәынҭқарратәи ауаажәларра-политикатәи усзуҩцәа рыгәҭа шәгылоуп.

Шәыԥсҭазаара аӷьырак Аԥсадгьыл амаҵ аура иазышәкит. Уи Аԥсны иахьатәи аҭоурых иадҳәалоу акрызҵазкуа ахҭысқәеи аихьӡарақәеи рыла ишьақәгылоуп.

Шәара акомҿартә, апартиатә усураҟны, аҳәынҭқарратә маҵзурақәа рыҟны аԥышәа ду шәоуит. Шәнапы злакыз анапхгаратә маҵзурақәа зегьы рыҟны аарпшра шәылшеит ишәымоу аиҿкааратә ҟыбаҩ, хамеигӡарада аусура, аҭакԥхықәра.

Шәара ахаангьы ҳаҭырла ишәзыҟан шәколлегацәа. Шәџьатә усураҟны  аҭыԥ ҷыда ааннакылоит Шәара Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Рхеилак актәи Ахантәаҩы имаҵурахьы шәаналхыз, ари амаҵураҟны шәусура мҩаԥысуан ҳҳәынҭқарразы аамҭа хьанҭақәа раан.

Шәара шәыԥсҭазааратә поизициа иабзоураны Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатрахь шәалхын. Акраҵанакуеит Шәара шәлагаламҭа Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент III ааԥхьара аусураҟны, уи иамаз ақәҿиарақәа, аихьӡарақәа рыҟны.

Шәара шәыԥсҭазаара абиԥарақәа рзы иҿырԥшыгоуп, иааӡагоуп.

 Ҳаҭыр зқәу Важа Илларион-иԥа, ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, еицакра зқәым агәамч, насыԥ зцу ашықәсқәа ишәзааигәоу шәҭынхацәеи шәҩызцәеи рыбжьара!»

 

 

 


Read 279 times - Аԥшьаша, 10 Абҵара 2022 16:23
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.