АЖӘАБЖЬҚӘА

04.Абҵара.2022

АԤСНЫ АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТР ИНАЛ АРӠЫНБА УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТР СЕРГЕИ ЛАВРОВ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ НЫҲӘА – ЖӘЛАР РАКЗААРА АМШ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 4, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров аҳәынҭқарратә ныҳәа – Жәлар ракзаара Амш идиныҳәалеит.

 

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

Аԥсадгьыл ахь абзиабара, Аџьынџь азы аҭакԥхықәра, иарбан аамҭазаалак азы аидгылара – милаҭ рацәала еилоу урыстәылатәи ажәлар ирҟазшьа ҷыдоуп. Иахьа арҭ адоуҳатә беиарақәа ҵаҵӷәны иҟоуп урыстәылатәи ауаажәларратә еилазаара рзы, ирымоуп аҵак ҷыда.

Исымоу аҭагылазаашьа схы иархәаны иазгәасҭар сҭахуп Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рыбжьара аусеицура хра ду аманы ишыҟоу.

Абри амш ҷыдаз ишәзеиӷьаҳшьоит аҭынчра, ашәҭыкакаҷра, аманшәалара.


Read 338 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.