АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Абҵара.2022

«АҞЫБАҨ БЗИА ЗМОУ АХӘЫҶҚӘА АУС РЫДУЛАРА»: АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АЛАГАРҬАТӘ КЛАССҚӘА РЫРҴАҨЦӘА РЗЫ АСЕМИНАР МҨАԤЫСИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. А.С.Пушкин ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №2 аҿы имҩаԥысит алагарҭатә классқәа рырҵаҩцәа рзы асеминар. Асеминар атема: «Аҟыбаҩ бзиа злоу ахәыҷқәа аус рыдулара», ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳҭнықалақь Ахадара аҵара Аусбарҭа. Асеминар мҩаԥылгеит алагарҭатә классқәа рырҵаҩы  И. Адлеиба.

Аҟабаҩ бзиа злоу ахәыҷқәа рыԥшаара, рааӡара, адгылара рыҭара – ҳаамҭазтәи ашколи аҵарадырра асистемеи рхықәкы хаданы иҟоуп. Ахәыҷқәа ирылоу аҟыбаҩ аарԥшра аҿиара иара ахәыҷы изы мацара адагьы, иааизакны ауаажәларратә еилазаара азы акыр аҵакы амоуп. Аҟыбаҩ бзиа злоу ахәыҷқәеи аҿари – уи иарбанызаалак атәыла азы потенциал бзианы иҟоуп, уи иабзоураны ҳаамҭазы ицәырҵуа аекономикатәи асоциалтәии ахықәкқәеи азҵаарақәеи еффективла рыӡбара алнаршоит. Убри инамаданы аҟыбаҩ бзиа злоу ахәыҷқәа аус рыдулара акыр ихымԥадатәиуп, ҳәа иазгәарҭоит аҳҭнықалақь Ахадара аҵара Аусбарҭа аҿы.

 

 


Read 343 times - Амҽыша, 06 Абҵара 2022 22:31
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.