АЖӘАБЖЬҚӘА

04.Абҵара.2022

АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АСЛАН БЖЬАНИА АҦСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА 25 ШЫҚӘСА АХЫҴРА ИНАМАДАНЫ АДНЫҲӘАЛАРА ҞАИҴЕИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 4, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан  Бжьаниа Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа 25 шықәса ахыҵра инамаданы аныҳәатә еилатәараҟны дықәгалеит.

«Ҳаҭыр зқәу Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа   ракадемиа, аҭҵаарадырратә уаажәлаара алахәцәа!

Ишәыдысныҳәалоит аҵак ду змоу Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа 25 шықәса ахыҵра арыцхә! 

25 шықәса раԥхьа  Аԥсны  Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав  Григори-иԥа Арӡынба инапы аҵаиҩит "Аԥсны  Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аԥҵаразы" Аԥсны  Аҳәынҭқарра  Иреиҳаӡоу  Асовет Ақәҵара анагӡара иазку ауснагӡатәқәа рзы" Аусԥҟа. Ари ареспубликазы акыр иуадаҩыз аамҭазы имҩаԥысуан, аха ареспубликеи уи аԥхьаҟатәи аԥеиԥши рзы Академиа аԥҵаразы ирыдыркылаз азызба аҵак дуӡӡа аман. Аҳәынҭқарра нхарҭәааны иҿиаразы, хымԥада, аҭҵаарадырра иамоу аҵакы дууп, уи амилаҭтә економика, ааглыхра, ақыҭанхамҩа, акультура, аҵараиура рыҿиара алзыршо акоуп.

Имариамызт Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа знысыз амҩа. Ҳҵарауаа реихьӡарақәа еицырдыруеит ҳтәылаҟнеиԥш, уи  анҭыҵгьы. Шәара шәусуреи шәыҭҵаарадырратә усумҭақәеи ирыбзоураны адунеи аҿы ҳтәыла ибеиоу аҭоурых- культуратә ҭынха атәы рдыруеит, ҳмилаҭ-хақәиҭратә қәҧара, ахьыҧшымразы ақәҧара иазку аиаша рдыруеит.

Акырӡа аҵанакуеит аҭҵаарадырратә еилазаара азҿлымҳара ду ахьанаҭо жәларбжьаратәи аимадарақәа рымҽхак арҭбаара. Убри инамаданы, аҵак ду амоуп урыстәылатәи аҭҵаарадырратә школқәеи иара ирыбжьоу аҭҵаарадырра-техникатә усеицура арӷәӷәара.

Иахьа Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа еиқәшәо аҭҵаарадырратә усбарҭақәа рыла ишьақәгылоуп, урҭ рыҭҵааратә лшарақәа есааира еизырҳалатәуп. Академиа аусура ахырхарҭа хадақәа ируакуп аҵарауаа ҿарацәеи аспирантцәеи аус рыдулара. Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиаҟны иаҧҵоуп еизҳауа абиҧара ҿа аспирантураҟны аҵара рҵартә, ҭҵаарадырратә хырхарҭа рацәала акандидаттәи адоктортәи диссертациақәа рыхьчартә еиҧш аҭагылазаашьа.

Гәахәараны иазгәаҭатәуп Аҧсны аҭҵаарадырратә интеллигенциа аҵарауаа ҿарацәа рҧышәа ахьрымардо.

Агәра згоит, аҭҵаарадырра ҿыц иаҵагыло  атрадициа беиақәа шеиқәдырхо, аихьӡарақәа шеихарҳауа.

Акыр иаԥсоу аҩызцәа! Даҽазныкгьы ишәыдысныҳәалоит Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа 25 шықәса ахыҵра. Ишәзеиӷьасшьоит ҳ-Аҧсадгьыл аизҳазыӷьаразы аҭҵаарадырратә еихьӡарақәа, ақәҿиарақәа шәызлаго аусқәа зегьы рҟны.

 

 


Read 266 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.