Items filtered by date: Ахаша, 02 Абҵара 2022

Аҟәа. Абҵарамза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспубликатә унитартә Наплакы «Аԥснытәи аихамҩа» анапхгараҭареи аколлективи зыԥсҭазаара иалҵыз Аунитартә Наплакы раԥхьатәи анапхгаҩы Гәыбаз Гәырам Сардион-иԥа иуацәеи иҭынхацәеи ирыдышшылоит.

Гәырам Сардион-иԥа акыр шықәса инеиԥынкыланы аихамҩатә усхкы аҿы аус иухьан, аибашьра ашьҭахьтәи аамҭахәҭа азы Аԥснытәи аихамҩа аиҭашьақәыргылара аҿы акыр аџьабаа ибеит. 1992 шықәсазы Ареспублика Аԥсны аминистрцәа Реилазаара Ақәҵара инақәыршәаны иара Кавказнҭыҵтәи аихамҩа Самтредтәи аҟәша аҿы Ареспублика Аԥсны аминистрцәа Реилазаара ахаҭарнакс дҟаҵан.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Абҵарамза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥшь-машьынак злахәыз амҩатә машәыртә хҭыс ҟалеит Аҟәа ақалақь, Ӡиӡариа имҩа аҿы.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Абҵарамза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба  Москваҟа иусуратә ҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ  Виктор Фисенко диԥылеит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.  

Едуард Быҭәбеи Виктор Фирсенкои агәабзиарахьчара аусхкы аҟны аҩганктәи аусеицура азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Абҵарамза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Афинансқәа Рминистрра «Ареспублика Аԥсны абиуџьеттә ҳасаббара автоматизациа азура азы апрограмматә аалыҵ  аиқәыршәара иазку аусурақәа рынагӡара азы» иаарту аконкурс мҩаԥнагоит.

Аконкурс алахәхара азы азыҳәамҭақәа ралаҵара аҽҳәара –  абҵарамза 2 инаркны абҵарамза 18, 2022 шықәса аҟынӡа.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Абҵарамза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 4 рзы, ашьжьымҭан, асааҭ 10 инаркны звольҳараку афымцацәаҳәа  «Аҽгәара- 220» аҿы ақәыӷәӷәара иацҵахеит. Аенергетикцәа афымцацәаҳәа ақәыӷәӷәара иацҵо амҩангага аҟазшьарбагақәа гәарҭоит. Аԥышәа амҩаԥгара арежим иаанарԥшыз ала, ацәаҳәа ихымԥадатәиу аноминалтә қәыӷәӷәара амоуп.

Ацәаҳәа аҿы имҩаԥысуа аусурақәа ирылахәын «Амшынеиқәа» иатәу амаҵзурақәа зегьы.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Абҵарамза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 4 рзы, ашьжьымҭан, асааҭ 10 инаркны звольҳараку афымцацәаҳәа  «Аҽгәара- 220» аҿы ақәыӷәӷәара иацҵахеит. Аенергетикцәа афымцацәаҳәа ақәыӷәӷәара иацҵо амҩангага аҟазшьарбагақәа гәарҭоит. Аԥышәа амҩаԥгара арежим иаанарԥшыз ала, ацәаҳәа ихымԥадатәиу аноминалтә қәыӷәӷәара амоуп.

Ацәаҳәа аҿы имҩаԥысуа аусурақәа ирылахәын «Амшынеиқәа» иатәу амаҵзурақәа зегьы.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Сухум. 2 ноября 2022. Апсныпресс. 25-летию Академии наук Абхазии посвящается научная конференция аспирантов и молодых учёных, которая проводится в конференц-зале Института ботаники АНА.

С приветственным словом к участникам пленарного заседания конференции обратился президент Академии наук Абхазии доктор филологических наук Зураб Джапуа.

Икьыԥхьуп Новости

Аҟәа. Абҵарамза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. «Амшынеиқәафымцамч» Аԥсны ахәҭак аҿы афымцамч ала аиқәаршәара аганахьала асааҭ 10:00 инаркны 15:00 рҟынӡа аԥкрақәа аланагалеит. Уи зыдҳәалоу звольтҳараку афымцацәаҳәа «Аҽгәара» аҿы имҩаԥысуа аиҭашьақәыргыларатә усурақәеи Урыстәылантәи афымцамч аашьҭра аганахьала ишьақәгылаз адефицити роуп, ҳәа иаанацҳауеит «Амшынеиқәафымцамч» апресс-маҵзура.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Абҵарамза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 2 – 5 рзы, Аҟәа ақалақь аҿы Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа  Ракадемиа  25-шықәса ахыҵра иазкны аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит, ҳәа иаанацҳауеит Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа апресс-маҵзура. Аԥснытәи аҳәынҭқарра иҿыцӡоу аҭоурых аҿы ари акыр зҵазкуа ахҭыс Ареспублика анаукатә еилазаара рыцазгәаҭара азы Аԥсныҟа иааит жәаҩыла асасцәа. 

Абҵарамза 2 рзы аиубилеитә усмҩаԥгатәқәа хацзыркуа усмҩаԥгатәны иҟалоит Аԥсны аҵарауаа ҿарацәеи аспирантцәеи рнаукатә конференциа.

«Ҩажәи хәба шықәса рыла Аԥсны еиҵагылеит аԥсабарадырреи агуманитартә ҭҵаареи рхырхарҭала иҿыцу аҵарауаа рабиԥара. Аԥсны анаукатә усзуҩ ҿарацәа иҿыцу адыррақәеи аԥышәеи рыла Аԥснытәи агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут, Аботаникатә Институт, Аексперименталтә патологиеи атерапиеи Ринститут, Аҟәатәи афизика-техникатә Институт, Ақыҭанхамҩатә Институт, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аекологиа Аинститут аилазаара иалалаз Агидрофизикатә Институт, уҳәа рҿы еиқәырханы иаанхаз анаукатә школқәа хәызмаӡам аԥышәа дырбеиоит, идырҭбаауеит.   Аҭҵааҩцәа ҿарацәа рыцхырааразы ицәырҵит ҳаамҭа иақәшәо атехнологиақәа.

Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа асистема иаҵанакуа анаукатә усбарҭақәа афинанстәра акыр ишхьысҳазгьы, Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа апрезидиум, Академиа акадрқәа разыҟаҵареи аспирантуреи рыҟәша шәҩыла аҟыбаҩ злоу аҿар аҵак ду змоу аусурахь радыԥхьалареи разыҟаҵареи алшеит», - ҳәа иазгәаҭоуп Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа апресс-релиз аҿы.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.