Аҟәа. Абҵарамза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспубликатә унитартә Наплакы «Аԥснытәи аихамҩа» анапхгараҭареи аколлективи зыԥсҭазаара иалҵыз Аунитартә Наплакы раԥхьатәи анапхгаҩы Гәыбаз Гәырам Сардион-иԥа иуацәеи иҭынхацәеи ирыдышшылоит.
Гәырам Сардион-иԥа акыр шықәса инеиԥынкыланы аихамҩатә усхкы аҿы аус иухьан, аибашьра ашьҭахьтәи аамҭахәҭа азы Аԥснытәи аихамҩа аиҭашьақәыргылара аҿы акыр аџьабаа ибеит. 1992 шықәсазы Ареспублика Аԥсны аминистрцәа Реилазаара Ақәҵара инақәыршәаны иара Кавказнҭыҵтәи аихамҩа Самтредтәи аҟәша аҿы Ареспублика Аԥсны аминистрцәа Реилазаара ахаҭарнакс дҟаҵан.
Иара иақәшаҳаҭхарада Ареспублика Аԥсны аихамҩа аусура аҿы зҵааракгьы ӡбашьа амаӡамызт. Жәабранмза 23, 1993 шықәса рзы иара Аԥснытәи аихамҩа Аусбарҭа анапхгаҩы инапынҵақәа рынагӡаҩыс дҟаҵан.
Гәырам Сардион-иԥа иусура зегьы аизҳазыӷьара иазкын. Уи аколлектив патуқәҵарыла дрызныҟәон, дара иколлегацәагьы акыр ҳаҭыр иқәырҵон.
Аԥснытәи аихамҩа анапхгараҭареи аколлективи гәалсра дула ирыдыркылеит ари алахьеиқәҵаратә жәабжь, зыԥсҭазаара иалҵыз рнапхгаҩы, рҩыза иуацәеи иҭынхацәеи, хаҭала дыздыруаз зегьы гәык-ԥсыкала ирыдышшылоит.