Едуард Быҭәба Урыстәыла агәабзиарахьчара Аминистрра, Башкортосҭан Анапхгареи башкириатәи иколлегацәеи, атуристтә аамҭахәҭа азы аҳақьымцәа Аҟәатәи аҿкычымазаратә хәышәтәырҭа ахь раашьҭра азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.
Башкортосҭантәи иааз аҳақьымцәа рыбригадақәа рҽеиҭныԥсахло хымз ирылагӡаны аԥсуа ҳақьымцәа ацхыраара рырҭон. Аиԥылара аҿы иара убас Аԥсны иҟоу аепидемиологиатә ҭагылазашьеи урыстәылатәи аҳақьымцәеи аԥснытәи аҳақьымцәеи рыбжьара аԥышәатә еимадареи иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.