Аҟәа. Абҵарамза 3, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь иҟоу Москватәи акультура-усуратә Центр «Москва Аҩны» аԥшьаша, абҵарамза 3 рзы 500 цыра шәҟәы инареиҳаны асахьркыратә литература Очамчыра араион ашколқәа ҳамҭас иарҭеит.
Ацхыраара Моква ақалақь Анапхгара афинанстә дгылара иабзоураны иҟаҵоуп.
«Сынтәа ҳара ашколтә библиотекақәа рзы асахьаркыратә литература аахәараҿы ацхырааразы иҳадҵаалахьан Очамчыра араион ашколқәа ҩба. Урҭ рыла аҵаратә программа инақәыршәаны азыҳәамҭа еиқәыршәан. Иахьа ҳара арҭ ашколқәа 500 цыра инареиҳаны асахьаркыратә литература ашәҟәқәа ҳамҭас ираҳҭоит. Араҟа иҟоуп аклассикатәи асахьаркыратәи литература. Ҳара ашколхәыҷқәа ираҳҭаз аҳамҭа ргәаԥхап ҳәа, аҵаратә процесс аиӷьтәра иацхраап ҳәа агәыӷра ҳамоуп. Ас еиԥш алагамҭа ҳара есышықәса иҟаҳҵоит. Иааиуа ашықәс азы ҳара даҽа убри аҟара ашәҟәқәа Гал ақалақь ашколқәеи Очамчыра ақалақь абиблиотека Хадеи рыҭара ҳалшап ҳәа агәыӷра ҳамоуп», - ҳәа илҳәеит «Моква Аҩны» аҳәынҭқарратә субсидиақәа рыҟәша аиҳабы Мариа Соиа.
Уи, ари «Москва Аҩны» Очамчыра араион ацхырара иазкны инагӡоу аусура уажәаԥхьагьы имҩаԥысхьан ҳәа иазгәалҭеит. «Ари Очамчыра араион иаҭоу ацхыраара раԥхьаӡа акәны имҩаԥгоу цхыраараӡам. Шәара ишыжәдыруа еиԥш, уаанӡагьы ҳара аҳәаанырцә иҟоу урыстәылатәи аџьынџьуаа адгылара рыҭара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, Очамчыра араион абиблиотека Хада амедицинатә еиқәыршәагақәеи, иара убас ашкол акомпиутертә еиқәыршәагақәеи аоргтехникеи рыла аиқәыршәара алҳаршеит», – ҳәа еиҭалҳәеит лара.
Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Очамчыра араион аҵарадырра аҟәша ахаҭарнакцәеи ашколқәа рдиректорцәеи. Урҭ «Москва Аҩны» анапхгараҭара иҟанаҵо адгылара азы иҭабуп рҳәеит, анаҩстәи аусеицура ацҵаразы агәыӷра шрымоу азгәарҭеит.
«Ҳара ҳашкол аҿы иҿыцу абиблиотека ыҟоуп, арҭ ашәҟәқәа - ҳхәыҷқәа рзы ицхыраагӡа дуухоит. Идуӡӡаны иҭабуп ҳәа раҳҳәоит Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу «Москва Аҩны». Агәыӷра ҳамоуп анаҩстәи ҳусеицура иацҵахап ҳәа», – иҳәеит очамчыратәи абжьаратәи ашкол №2 адиректор Илона Дамениа.