Items filtered by date: Ашәахьа, 14 Абҵара 2022

Сухум. 14 ноября 2022. Апсныпресс. Премьер-министр Александр Анкваб провёл рабочую встречу с министром просвещения Иналом Габлиа. Министр отчитался о текущей работе, в том числе о результатах контактов с российскими коллегами, сообщается на сайте Кабмина РА.

По словам министра, в рамках межведомственного взаимодействия в республику поступило порядка 40 тысяч новых учебников для старших классов. В настоящее время Минпрос распределяет их по школам.

Икьыԥхьуп Новости

Аҟәа. Абҵарамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб атәыла аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа дидикылеит. Ахылаԥшырҭа ахада урыстәылатәи рколлегацәа рымадара алҵшәақәа рзы уахь иналаҵаны, иааизакны Аминистрра ахылаԥшрала имҩаԥысуа аусура азы аҳасабырба ҟаиҵеит.

Аминистр иажәақәа рыла, анапхгарабжьаратәи аусеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны, ареспублика ахь иаашьҭын 40 нызықь инарзынаԥшуа аиҳабыратә классқәа рзы арҵага шәҟәқәа. Уажәы Аминистрра урҭ ашколқәа рахь аихшара мҩаԥнагоит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Абҵарамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Ахәмаррақәа рзы Ареспубликатә ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ 2009 шықәса рзы ииз ааӡамҭацәа рыла еилоу атурнир «Ачемпион ҿарацәа Реидгыла" аҿы ахԥатәи аҭыԥ аанакылеит. Атурнир абҵарамза 7- 13 рзы Шәача ақалақь аҿы имҩаԥысуан, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.

Атурнир рхы аладырхәит Шәача, Армавир, Ростов-на Дону, Новочеркасск, Аҟәа ақалақьқәа рҟынтәи 12 командак. Атурнир аӡбаҩ хадас дыҟан Ачемпионцәа Реидгыла аҿы аӡбаҩыс иҟаз аӡбаҩ  Павел Кукуиан.  

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Абҵарамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аҭаҷкәымҟьаҩцәа абҵарамза 9 – 13 рзы, Ростов-на Дону ақалақь аҿы есышықәса еиҿкаахо аҭаҷкәымҟьара азы иаарту атурнир «Аиҩызара Ахраҿа» аҿы актәи хә-ҭыԥк аанкылара рылшеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.

52 кьыла рҟынӡа иҟоу акапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара аиааира игеит Дауҭ Гындиа; 60 кьыла рҟынӡа иҟоу акапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара аиааира игеит – Оскан Мурадиан, 66 кьыла рҟынӡа иҟоу акапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара аиааира игеит - Ашот Барцикиан, 63 кьыла рҟынӡа иҟоу акапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара аиааира игеит - Дмитри Мартиросиан, 70 кьыла рҟынӡа иҟоу акапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара аиааира игеит - Леон Лагәлаа.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Абҵарамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.Иԥсҭазаара далҵит Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент III-и IV-и ааԥхьарақәа рдепутат Альберт Азат-иԥа ОвсепианАԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент III-и IV-и ааԥхьарақәа рдепутат А. А. Овсепиан иԥсҭазаара иалҵра инамаданы иуацәеи иҭынхацәеи дрыдышшылеит.

 

Адышшылараҟны иҳәоуп:́

«Альберт Азат-иԥа Овсепиан ҳтәыла иқәынхо ауааԥсыра аӡәырҩы ргәалашәараҿы даанхоит. Иара Аԥсны диит, иԥсы ҭанаҵы абра дынхон, аџьа ибон, идырра, иԥышәа рымаидон аҵара зирҵоз ашколхәыҷқәа, аус ицызуаз иколлегацәа. Гәык-ԥсык ала инаигӡоз арҵаҩратә усураҟны иааирԥшуаз ахамеигӡара иабзоураны Альберт Азат-иԥа Аҟәа араион ауааԥсыра раҳаҭыр даԥсахеит - ҩынтәны Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент адепутатс далхын .

Адепутаттә усураҟны иҟазаараан Альберт Азат-иԥа  Овсепиан ихы ааирԥшит аԥышәа змоу аполитик, аҭакԥхықәра ныҟәызгоз, ауаҩы ицхыраара иазхиаз аӡә иаҳасабала.

III-и IV-и ааԥхьарақәа рдепутатцәа Альберт Овсепиан рганахьала имаз агәрагара  атәы аҳәоит Аԥсны Ахада иҟны иҟоу Анажьразы акомиссиеи Аԥсны Ахада Иусԥҟала иаԥҵаз Аконституциатә реформазы акомиссиеи реилазаара иалаҵаразы азыӡба анрыдыркылоз.

2006 ш. уи III ааԥхьара, 2007 ш. – IV ааԥхьара адепутатцәа далырхуеит Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс.

Альберт Азат-иԥа Овсепиан Апарламент аусураҟны илагаламҭа ыҟоуп иара убас Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Асоциалтә политикеи, аҭаацәареи, агәабзиарахьчареи, аџьеи рзы аилак аҟны иусурала. Изныкымкәа ҳ-Парламент хаҭарнакра азиухьан Аԥсны анҭыц имҩаԥысуаз еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа раан аделегациа далахәны.

Альберт Азат-иԥа аԥсҭазаара бзиа избоз, гәкаҳара знымԥшуаз, иаартыз уаҩын. Абас Альберт Азат-иԥа Овсепиан ахааназы ргәалашәараҿы дагьынхоит иҭынхацәа, изааигәаз ауаа, иколлегацәа, иҵаҩцәа, дыздыруаз зегьы».

 

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Абҵарамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Анцәа дзыхшаз Ацқьа Мариа Лылацәеиқәыԥсара ахьӡ зху Мықәтәи аныхабаа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рзы аԥаратә хархәагақәа реизгара иацҵоуп.

Абҵарамза Амҽыша, абҵарамза 6 рзы, Анцәа дзыхшаз Ацқьа Мариа Лылацәеиқәыԥсара ахьӡ зху Мықәтәи аныхабаа аҿы имҩаԥысыз Сретентәи аберҭыԥ ахори Аԥснытәи аҳәынҭқарратә хортә капеллеи ргәыҳалалратә концерт аан агәыҳалалратә акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны еизгахеит  340 нызықь мааҭ.  Анаҩс агәыҳалалратә акциа аолаин арежим ала иацҵахеит.

Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо Мықәтәи аныхабаа адинмаҵуҩы Бадра Делба иахьазы 376 нызықь мааҭ еизгоуп ҳәа адырра ҟаиҵеит.

Еизгахаз аԥаратә хархәагақәа зегьы аныхабаа  аҿы аԥенџьыр аҭыԥқәеи аныхабаа амаҵзуҩы иҩни реиҭашьақәыргылара ахь идәықәҵахоит.

Уи иара убас еиҭеиҳәеит асадаҟы аҟаҵара шацҵахо, насгьы акомиссиа шаԥҵахо атәы.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Абҵарамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Абҵарамза 15 рзы Москаватәи Акультура-усуратә Центр «Москва Аҩны» аҿы «Москва литературная» ҳәа хыс измоу ацәыргақәҵа аатуеит.  

Аекспозициа аҿы ицәыргақәҵахоит москватәи аҭыжьырҭақәа рҿы иҭыжьыз ашәҟәқәа: асахьаркыратә классикеи ҳаамҭазтәи асахьаркыратә рҿиамҭақәеи, иара убас ахәыҷтәы литература, еиуеиԥшым ахырхарҭа змоу ашәҟәқәа – аҿыханҵа, архитектура, згәабзиара аиҷаҳарала анхара, уҳәа еиуеиԥшым атемақәа ирызку.

Ацәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны урыстәылатәи ашәҟәыҩҩцәа – Урыстәылатәи Афедерациа акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, Урыстәыла ашәҟәҭыжьыҩцәа Рассоциациа (АСКИ) апрезидент, аҭыжьырҭа «Белый город»  адиректор Хада Константин Чечениов, афилологиатә наукақәа ркандидат, алитературадырҩы, апоетесса, апублицист, аиҭагаҩ, Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ  Нина Попова, Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла, Урыстәыла  аПЕН-центр алахәыла, урыстәылатәи ахәыҷтәы шәҟәыҩҩы, апедагог, апсихолог  Анна Гончарова алархәны арҿиаратә хәылԥазқәа рымҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Абҵарамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа рзинқәа рыхьчаразы Ацентр анапхгаҩы Елена Жилинскаиа Жәларбжьаратәи аконкурс «Жәлар рдипломатиа аԥыза» афинал аҟынӡа днаӡеит, ҳәа адырра ҟаҵоуп аконкурс асаит аҟны.  

Аконкурс афинал мҩаԥгахоит ԥхынҷкәынмза 2022 шықәсазы Пермтәи Жәларбжьаратәи афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны. Уи рхы аладырхәуеит 18-ҩык урыстәылатәи аԥызацәеи  12-ҩык аҳәаанырцәтәи аԥызацәеи. Зынӡа апроект апрограмма аҿы рхы аладырхәит 23 аҳәаанырцәтәи атәылақәеи Урыстәыла  34 региони рҟынтәи икоммерциатәым асектор ахаҭарнакцәа.

Жәларбжьаратәи аконкурс «Жәлар рдипломаиа аԥыза» аҵарадырратә программа  аҵарадырратә интенсив – аконкурс алахәылацәеи урыстәылатәии аҳәаанырцәтәии аекспертцәеи реиԥыларақәа, алекциақәа,  иара убас адҵақәа рынагӡареи апрактикум ахысреи – ирыдгалоу азҵаарақәа рыла апрактикаҿы ӡбамҭақәа рыдкылара азы амҩақәа рыԥшаара рыла ишьақәгылан.  

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Абҵарамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ауаажәларратә активистцәа абҵарамза 13 рзы, Гәымсҭатәи аҭоурых-культуратә ҳәарԥсарра «Уаз-абаа» иахьаҵанакуа, XII-XIV ашәышықәсақәа ирыҵанакуа  еихьӡылоу абааш ахыжәжәарақәа рааигәа-сигәа аилыргаратә усмҩаԥгатә мҩаԥыргеит.

Акциа аиҿкааҩцәас иқәгылеит Владимир Попов напхгара зиҭо урыстәылатәи аидгьылуаа азинтәии асоциалтәии ацхыраара рыҭаразы Ассоциациа.

Иарбоу аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит ажурналистцәа, аҭоурыхдырҩцәа, акультуратә фонд «Платформа» алахәылацәа, иара убас егьырҭ атәыла ауааԥсыра.

«Ари акциа зегьы иаҳгәаланаршәоит закәытә тәылоу ҳазқәынхо, уи иамоу аҭоурыхи  ашәышықәсақәа ирылҵны ҳара ҳҟынӡа инаӡаз аҭоурыхтә баҟақәеи ртәы. Урҭ иреиуоуп – аҳәарԥсарра «Уаз-абаа». Ҳара ари абаҟа иааиуа абиԥарақәа рзы еиқәҳархароуп», –  ҳәа иҳәеит Владимир Попов.  Абааш «Уаз-абаа» ажәытәан акыр зҵазкуа астратегиатә ҵакы аман. Абааш аргылара аҭыԥгьы ус баша машәыршақә иалхӡамызт.  Ари ахырӷәӷәарҭа ахьгылоу ахра ааигәа-сигәа иҟоу атерриториақәа ирхыҳәҳәоит, иара убри ала аӷа иқәылара азы заанаҵы адырра аиуреи уи иҿагылареи рзы алшара аԥнаҵон. Иахьанӡа еиқәханы иааз ахыжәжәарақәа рыла иубаратәы иҟоуп араҟа ишыҟаз аҭӡы, уи усҟантәи аамҭазы абааш иаҿыкәыршан. Абааш аҩадатәи ахәҭа аҿы 18 метра инарзынаԥшуа  ажәҩан ахь ихалоит арратә ҟәарч аҭӡы. Уи акомплекс зегьы ихадоу ахырӷәӷәарҭаны иҟан.   Аҩбатәи аҟәарч ҳара ҳаамҭа аҟынӡа еиқәханы изымааит. Аха уи ахыжәжәарақәа рыла араҟа агарнизон амацәаз аҭатәазаараан рхы иадырхәоз абааш аҟынтәи акәара аҟынӡа имаӡоу аиасырҭа шыҟаз убаратәы иҟоуп.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Абҵарамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра ақалақь уахьналало игылоу  16-еихагылакны иҟоу ахыбра аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит. 

Ари ахыбра, сынтәа Гәдоуҭа ақалақь аҿы аусура иалагаз асасааирҭа «Россия» еиԥш кыраамҭатәи аргылараны иԥхьаӡан. Арҭ аобиектқәа рыргылара асовет аамҭа азы иалагахьан, аха Асовет Еидгыла ахьхыбгалази 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьреи ирыхҟьаны урҭ уаҳа рыргыларагьы зхыркәшамхеит. Гәдоуҭа ақалақь аҿы асасааирҭа иахьа Аԥсныҟа ԥсшьараҳәа иауа атуристцәа рацәаны иаҭаауа иалагахьеит.

Очамчыратәи аԥсшьарҭа ҩны 260 номер амазаауеит, уи 600 шьҭаларҭа-ҭыԥла еиқәыршәахоит.  Иарбоу аобиект иааиуа ашықәс азы, аԥсшьараамҭа алагамҭазы ахархәарахь рыҭара азԥхьагәаҭоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Ochamchira_inform. Уаҟа аус аулоит ҩ-ӡҭачык: акы – аҽыхәышәтәра иазку, Елырынтәи иаагоу атермалтә ӡи ахәышәтәратә ҳәынҵәеи рыла ирҭәу, егьи – аҽыкәабарҭатә. Иарбоу аӡҭарчқәа алшықәсанык аус рулоит. Асабша, абҵарамза 12 рзы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ари аобиект аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа  рымҩаԥысшьа гәеиҭеит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.