АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Абҵара.2022

АИҬАШЬАҚӘЫРГЫЛАРАТӘ УСУРАҚӘА РЗЫ МЫҚӘТӘИ АНЫХАБАА АҾЫ ЕИЗГОУП 376 НЫЗЫҚЬ МААҬ.

Аҟәа. Абҵарамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Анцәа дзыхшаз Ацқьа Мариа Лылацәеиқәыԥсара ахьӡ зху Мықәтәи аныхабаа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рзы аԥаратә хархәагақәа реизгара иацҵоуп.

Абҵарамза Амҽыша, абҵарамза 6 рзы, Анцәа дзыхшаз Ацқьа Мариа Лылацәеиқәыԥсара ахьӡ зху Мықәтәи аныхабаа аҿы имҩаԥысыз Сретентәи аберҭыԥ ахори Аԥснытәи аҳәынҭқарратә хортә капеллеи ргәыҳалалратә концерт аан агәыҳалалратә акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны еизгахеит  340 нызықь мааҭ.  Анаҩс агәыҳалалратә акциа аолаин арежим ала иацҵахеит.

Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо Мықәтәи аныхабаа адинмаҵуҩы Бадра Делба иахьазы 376 нызықь мааҭ еизгоуп ҳәа адырра ҟаиҵеит.

Еизгахаз аԥаратә хархәагақәа зегьы аныхабаа  аҿы аԥенџьыр аҭыԥқәеи аныхабаа амаҵзуҩы иҩни реиҭашьақәыргылара ахь идәықәҵахоит.

Уи иара убас еиҭеиҳәеит асадаҟы аҟаҵара шацҵахо, насгьы акомиссиа шаԥҵахо атәы.

«Агәыҳалалратә концерт амҩаԥгараан еизган 340 нызықь мааҭ. 251 800 нызықь мааҭ аныхабаа аҩналарҭа аҿы ишьақәыргылаз ачықьмаџьа аҿы иҟан. Иара убри аҽны онлаин-ԥараҭра ахь ииаган  500 доллари мааҭлагьы иҟаз аԥаратә еицҵалыҵи. Асадаҟы аҟаҵара иаҿуп иахьа-уажәраанӡагьы. Есыҽны аԥарақәа аарышьҭуеит. Доусы ирылшо ала аныхабаа ацхыраара аҭара рҽазыршәоит. Иаагозар, иацы Ҭыжәаа рҭаацәарак 20 нызықь мааҭ аарышьҭит», - ҳәа иҳәеит Бадра  Делба. 

Уи иажәақәа рыла, аамҭа кьаҿ иалагӡаны, иаԥҵахоит акомиссиа, уи еизгахо аԥарақәа реихшара аҳәаақәҵара иазкхоит».  

«Акомиссиа иалалоит акультура Аминистрра ахаҭарнакцәа, ауахәама амаҵурауаа,  Мықә ақыҭа аҿы инхо рхаҭарнакцәа.  

Акомиссиа иалагалаз аԥарақәа хықәкызаарала аныхра иахылаԥшлоит», -ҳәа иҳәеит Бадра Дбар.

Уажәы зегьы реиҳа зҭагылазаашьа уадаҩны иҟоу ауахәама аԥенџьырқәа роуп. Урҭ ԥсахтәхоит.

«Ауахәама аҿы иԥсахтәны иҟоуп 61 ԥенџьыр. Уи мацара аԥаратә хархәагақәа рацәаны иаҭаххоит. Аԥенџьырқәа зегьы астандарт иақәшәо иҟам, урҭ раҳаракыра 3 – 4 метра иҟоуп. Ауахәама ахыбхагьежьтә хәҭа аҿы заҳаракыра 4 метрак рҟынӡа инаӡо 13 ԥенџьыр ыҟоуп. Аԥенџьыр ҿыцқәа аџь иалхзаауеит.

Иара убас ахыбра аҭагылазаашьагьы акыр иуадаҩны иҟоуп. Уи 1957 шықәса раахыс ирымԥсахӡацт. Ҳара ҳныхабаа аиҳаби ҳареи есымша уи ана-ара иқәҳаршәуеит. Ақәыршҩы аур аныхабаа аҩныҵҟа аӡы ықәлоит. 70 шықәса ҵырц акгьы агым араҟа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥымсиижьҭеи.   Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа имаҷымкәа ахарџь аҭаххоит. Уи ахьааҳгаша ҳазхәыцлоит. Асадаҟы аҟаҵара аринахысгьы иацҵахоит.   Агәыӷра сымоуп излауа ала ҳныхабаа ацхыраара аҭара ҳалшап ҳәа», - иҳәеит Бадра  Делба.  


Read 1050 times - Ашәахьа, 14 Абҵара 2022 21:05
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.