АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Абҵара.2022

ОЧАМЧЫРА АҚАЛАҚЬ АҾЫ 16- ЕИХАГЫЛАКНЫ ИҞОУ АԤСШЬАРҬА ҨНЫ АХАРХӘАРАХЬ ИРЫРҬАРОУП 2023 ШЫҚӘСА, АԤХЫНРА АЛАГАМҬАЗ.

Аҟәа. Абҵарамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра ақалақь уахьналало игылоу  16-еихагылакны иҟоу ахыбра аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит. 

Ари ахыбра, сынтәа Гәдоуҭа ақалақь аҿы аусура иалагаз асасааирҭа «Россия» еиԥш кыраамҭатәи аргылараны иԥхьаӡан. Арҭ аобиектқәа рыргылара асовет аамҭа азы иалагахьан, аха Асовет Еидгыла ахьхыбгалази 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьреи ирыхҟьаны урҭ уаҳа рыргыларагьы зхыркәшамхеит. Гәдоуҭа ақалақь аҿы асасааирҭа иахьа Аԥсныҟа ԥсшьараҳәа иауа атуристцәа рацәаны иаҭаауа иалагахьеит.

Очамчыратәи аԥсшьарҭа ҩны 260 номер амазаауеит, уи 600 шьҭаларҭа-ҭыԥла еиқәыршәахоит.  Иарбоу аобиект иааиуа ашықәс азы, аԥсшьараамҭа алагамҭазы ахархәарахь рыҭара азԥхьагәаҭоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Ochamchira_inform. Уаҟа аус аулоит ҩ-ӡҭачык: акы – аҽыхәышәтәра иазку, Елырынтәи иаагоу атермалтә ӡи ахәышәтәратә ҳәынҵәеи рыла ирҭәу, егьи – аҽыкәабарҭатә. Иарбоу аӡҭарчқәа алшықәсанык аус рулоит. Асабша, абҵарамза 12 рзы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ари аобиект аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа  рымҩаԥысшьа гәеиҭеит.

 

Ақалақь ауааԥсыра ргәы хыҭхыҭуа  иарбоу аобиект аҿы аусурақәа рхыркәшара иазыԥшуп.  Ас еиԥш идуу аԥсшьарҭатә обиект ахархәарахь адкылара – ари иҿыцу аусуратә ҭыԥқәа рцәырҵреи акурорттә инфраструктура аҿиареи абиуџьеҭ ахь ашәахтә шәатәқәа рхыԥхьаӡалареи ауп. 

Очамчыра ақалақь аҿы иҟоу ари аобиект Гәдоуҭатәи аобиект еиԥш еиҭашьақәыргылахоит аԥсуа усдкылаҩцәа рыла.


Read 1403 times - Ашәахьа, 14 Абҵара 2022 19:19
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.