16.Лаҵара.2023

Аԥсны иҟоу Венесуела ацҳаражәҳәаҩ Инал Арӡынба агәраргагатә шәыҟәқәа ииҭеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр аҟны Урыстәыла иҟоу, иара убас аилагӡарала Аԥсны иҟоу Боливариантәи Ареспублика Венесуела ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Хесус Рафаель Саласар Веласкес иҟынтәи агәраргагатә шәыҟәқәа Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ила рыдкылара иадҳәалоу аныҳәатә церемониа мҩаԥысит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ацҳаражәҳәаҩ бзиала уаабеит ҳәа иаҳәо, имаҵураҭыԥ ахагылара идиныҳәалеит.

«Ҳаҭыр зқәу ацҳаражәҳәаҩ, иахьа аофициалла иалагоит шәара шәдипломатиатә миссиа, ҳара уи инамаданы гәык-ԥсыкала ҳшәыдныҳәалоит», -ҳәа иҳәеит Инал Арӡынба.  

Ахәҭакахьала, Хесус Рафаэль Саласар Веласкес иара изы араҟа аҟазаара гәахәара дуны ишыҟоу азгәеиҭеит.

«Агәраргагатә шәыҟәқәа рыхкьыԥхьқәа рыҭара иҳаҩсыз ашықәс азы имҩаԥысраны иҟан, сара усҟан ацҳаражәҳәаҩ иаҳасабала Москваҟа санааи аамҭазы. Ҳара гәахәара дула иҳадаҳкылоит иахьа абра ҳахьыҟоу шәгәырӷьара шәыцеиҩаҳшартә еиԥш алшара ахьҳамоу. Сара агәраргагатә шәыҟәқәа рыҭара мацара адагьы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аԥҵара 30-шықәса ахыҵра азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхара ауп  уажәы сызлацәажәо», - ҳәа иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.

Агәраргагатә шәыҟәқәа рыхкьыԥхьқәа  рыҭара ацеремониа ашьҭахь Инал Арӡынбеи Хесус Рафаель Саласар Веласкеси реиԥылара мҩаԥысит. Аиԥылараҿы аҩганктәи аҳынҭқаррабжьаратәи аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәареи аусеицура аҳәаақәа рырҭбаареи  ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы   ирылацәажәеит.

Аиԥылара ахыркәшамҭаз ацҳаражәҳәаҩи аминистри агәаларшәагатә ҳамҭақәа еимырдеит.


Read 194 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.