АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 14:44

Москва имҩаԥысит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови реиҿцәажәарақәа

Аиԥылараан Олег Барцыц инаҵшьны иазгәеиҭеит адипломатиатә усбарҭақәа рыбжьара аинырреи аҩ-тәылак хырхарҭарацәалатәи русеицуреи аҩаӡара шыҳараку.  

«Иахьатәи аҭагылазаашьа ахәшьара ауҭозар, агәра ганы иаҳҳәар ҳалшоит аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа аҩаӡара ҳаракы аҿы иҟоуп ҳәа. Иахьа ари мҽхакыҭбаалатәи, зегьы зҵазкуа усеицуроуп, уи еиҳа-еиҳа динамикала иҿиоит», - ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр.  

Аминистр иажәақәа рыла мҽхакы ҭбаала аинырра иҷыдоу аимпульс анаҭоит иреиҳаӡоу аҩаӡараҿы иааиԥмырҟьаӡакәа адиалог — ихарҭәаам ҩышықәса рыҩнуҵҟа имҩаԥысхьеит Ахадацәа Бадра Гәынбеи Владимир Путини реиԥыларақәа хԥа.  

Аекономикеи, алогистикеи, аинвестициақәеи  

Аусеицура ихадоу хырхарҭак аҳасабала Олег Барцыц иаликааит аинфраструктуратә проектқәа. Ҿырԥштәык аҳасабала В. Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза аусуразы адыррақәа ааигеит:  

«Шықәсыки бжаки рыла ҳҳаиртә баӷәаза иаднакылеит 200 нызқьҩык рҟынӡа ауааԥсыра. Ари Аԥсны Аҳәынҭқарра аекономикатә ҭышәынтәалареи аҿиареи ӷәӷәала ирыцхраауеит, избанзар атуризм иахьа амилаҭтә економика ԥхьаҟа изго ируакуп».  

Иара убасгьы иазгәеиҭеит аихамҩатәи амшынтәи еимадара рыҿиара, аиқәшаҳаҭратә шьаҭа арӷәӷәара (Аԥснытәи жәларбжьаратәи аинвестициатә форум аҟны 35 инареиҳаны аиқәшаҳаҭрақәа рнапаҵаҩра налаҵаны), 20 миллиард мааҭ иреиҳаны изымҽхазкуа иҷыдоу акредит аҭара апрограммақәа.   Асоциалтә усхк   Хазы ахшыҩзышьҭра аҭан агәабзиарахьчареи, аҵареи, акультуреи рҿы аусеицура. Аԥсны адәныҟаполитикатә усбарҭа аиҳабы иазгәеиҭеит аҿар апатриотизм рылааӡаразы еицырзеиԥшу апроектқәа рроль ду.  

Олег Барцыц иҷыдоу арратә операциа дазааҭгыло иазгәеиҭеит хатәгәаԥхарала еибашьуеи агуманитартә миссиақәеи рлагала:   «Аԥсны иуҳәар ҟалоит, ажәала акәымкәа, аус аҿы адгыларатәи аиҩызаратәи уалԥшьа наганӡоит ҳәа».  

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аганахьала аинырра   Ахыркәшамҭаз Олег Барцыц Урыстәылатәи иколлегацәеи, Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистрра аппарат хадеи, аҳәаанырцә иҟоу Урыстәылатәи аусбарҭақәеи иҭабуп ҳәа реиҳәеит Аԥсны адәныҟаполитикатә аԥшьгарақәа иахьрыдгыло азы.


Read 22 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026 Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.