АЖӘАБЖЬҚӘА

16.Жәабран.2024

Аԥсны Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иалхрақәа рзы Аԥсны атәылауаа рыбжьаҭара амҩаԥгаразы 30 инарзынаԥшуа алхырҭатә ҭыԥқәа аартхоит.

Аҟәа. Жәабранмза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аиҳабыра алахәылацәеи  араионқәеи ақалақәқәеи рхадацәеи афымцамчтә усхк ахаҭанаркцәеи алархәны инарҭбаау аилацәажәара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аилацәажәара иара убас иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза–министр Александр Анқәаб, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа.

Амш азҵаараҟны иҟан Урыстәыла ахада иалхразы Аԥсны атәылауаа рыбжьаҭара амҩаԥгараҟны  УА Ацҳаражәҳәарҭа ацхыраара аҭареи ареспубликаҟны афымцамч аусхк аҟны иҟоу иҭагылазаашьеи  ирызку актуалра злоу азҵаарақәа.

Урыстәытәи Афедерациаҟны  аҟны имҩаԥысраны иҟоу алхрақәа рҽырзаҟаҵара азҵаара инамаданы Бадра Гәынба алхрақәа рымҩаԥгаразы Аԥсны иҟоу Ацҳаражәҳәарҭа   ацхыраара иазку аусуратә гәыԥ аихшьалақәа рзы аҳасабырба ҟаиҵеит. 

Аҳәынҭқарра Ахада аусмҩаԥгатә иамоу аполитикатә ҵакы азгәаҭаны, анапынҵа ҟаиҵеит араионқәа рхадацәа цуҭацыԥхьаӡа алхыҩцәа агымкәа рыҟазаара алдыршарц. Аԥыза–министр Алеқсандр Анқәаб идиҵеит аҳәынҭқарратә маҵзурауааи абиуџьетуааи иахьынӡалшо абжьыҭара ралархәра хылаԥшра аиҭарц.

Аилацәажәараҟны хшыҩзышьҭра аҭан афымцамч аҟны ишьақәгылаз аҭагылазаашьа.

Афымцамчи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба иазгәеиҭеит макисмалла афымцамч аиҷаҳара шаҭаху. Иара иара убас афымцамч ахәԥса ҽеила ашәара аныҟамла, фымцамчда ҳшаанхо иҳәеит.

Ақалақь Ахада Беслан Ешба иҳәеит афымцамч ахәԥса ашәатәы аизгаразы иҟоу апроблема анорматив-зинтә мыругақәа рыҟамзаара ишадҳәалоу. 

Аԥыза–министр Алеқсандр Анқәаб иазгәеиҭеит аизгатәқәа ралыршара знапы иану ауаа аусура рылымшозар, рхы ишақәиҭтәу. 

Гагра араион ахада Иури Ҳагәышь Иаку анаплакы «Амшынеиқәафымацмч»  Араионтә фымцастанциа Гагра араион Администрациа анапаҵаҟа иианагар, араион   агәаҭара мыругақәа, атрансформаторқәа раахәара ахы ишаднаҵо иҳәеит. «Усҟан алҵшәақәагьы ҟалоит, арбагақәагьы. Аамҭа аҭахуп, уи ҳара иҳалҳаршоит», - ҳәа иазгәеиҭеит Иури Ҳагәышь.

Аҳәынҭқарра Ахада аилацәажәара иалахәыз иҭабуп ҳәа раҳәаны, иҳәеит ҳазҭоу ашықәс шымариамгьы, иҟоу ауадаҩрақәа рыӡбара алыршахоит ҳәа агәыӷра шимоу атәы.

 

 

 


Read 141 times - Асабша, 17 Жәабран 2024 18:01
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.