Аҟәа. Жәабранмза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ҭырқәтәылатәи аԥсыӡкыгаӷба аҟынтәи х-ҩык аԥсыӡкыҩцәа рыԥсҭазаара иалҵит. Урҭ рыԥсыбаҩқәа Гагра аԥсышьҭаҵарҭахь инаргеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.
Жәабранмза 16 рзы ҭырқәтәылатәи аԥсыӡкыгаӷба аҟынтәи ԥшьҩык бааԥсыла акы рԥырхагаханы Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа ареанимациатә ҟәша ахь инаргеит.
Хҩык ачымазцәа аҵәыҵәри рҿаркит, аӡәы арыԥҳақәа рыҩныҵҟа иԥсабаратәым аҳауеиҭныԥсахлара аппарат даҿакуп. Зегьы ргәабзиара аҭагылазаашьа иӷәӷәоу иҭышәантәалау ҳәа ирыԥхьаӡоит. Ареанимациатә ҟәша апациентцәа ацхыраара рыҭаразы иахәҭоу ахәшәқәа зегьы рыла еиқәыршәоуп.
Пицунда ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Дауҭ Аҩардан Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иҟаиҵаз адыррақәа рыла, ҭырқәтәылатәи аԥсыӡкыгаӷба Пицунда иӡхыҵит ахәаша, жәабран 16 рзы. Уаантәи аԥсыӡкыҩцәа лбааны напыла иҟаҵаз асакасақәа рыла х-ҩык ауаа лбааргеит.
«Азнаказы урҭ ирыхьыз аилкаара уадаҩын. Дара урыс бызшәала изцәажәомызт. Раԥхьа иҳауз агәаанагарала урҭ акыр рԥырхагахеит, иҟалар алшоит аԥсыӡ иахылҵуа ишҳаму агаз рԥырхагахазаргьы. Ачымазцәа зегьы Гагратәи араионтә хәышәтәыҭа ахь инаргеит», – ҳәа иҳәеит Дауҭ Аҩардан.